Кәасҭа – аԥсуа аҳиԥа, Қарҭли аҳ.

Кәасҭа
Константин
Қарҭли аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
930 – 933
Аҭынха Леуан III


Аира ?
Қәҭешь, Аԥсуа Аҳраду
Аԥсра 933
Қәҭешь, Аԥсуа Аҳраду
Ани аби

Гьаргь II

Елена

Абиографиа

аредакциазура

Кәасҭа диит Гьаргь II уи иԥҳәыс Еленеи рҭаацәараҿ. Иара аԥсҳа иԥеиҳаб, иҭынха хада иакәын. 929 шықәсазы иаб Гьаргь аԥсҳас дҟалоит. 930 шықәсазы Гьаргь Қарҭли инапахьы иааигоит, уа аҳс дҟаиҵоит Кәасҭа. Хышықәса Қарҭли аҳас даныҟала ашьҭахь, Кәасҭа иаби иареи аимак рыбжьалеит, аԥсҳа иҭыԥ азы. Кәасҭа иус анеилкааха, Уплисцихь иҽирӷәӷәеит, ҭебаҭааи егьырҭ азнаурцәеи аӡәырҩи дрыдгылеит. Аԥсҳа Гьаргь иԥа дшықәҵаз еиликааны, имчқәа зегьы иманы ддәықәлеит, Таиктәи аҳцәеи ахорепископ Фадлеи инысҭхаганы, Уплисцихе дакәшеит. Амшқәа рацәаны еибашьуан, аха абаа ԥырхага рзыҟаҵомызт, избанзар уа ахьчаҩцәа рацәаҩын. Зны ҽыла еибашьуан, зны шьапыла. Убасҟан аԥсҳа Гьаргь Сазуерели рыжәла иаҵанакуа аамсҭацәа ргәы шьҭихуа далагеит, аҳиԥа Кәасҭа игәра ргарц азы:

«Удәылҵ, Аԥсныҟа уҳагоит, уара аԥсҳас уҟалоит, уабгьы аганахь днаскьаҳгоит».

Кәасҭа игәра диргарц, игәра диргеит, урҭ ицыз азнаурцәа уи аҩыза ахымҩаԥгашьа иҽацәырыхьчаргьы, аха иара урҭ дырзымӡырҩит. Уахынла Кәыра инаваршәны аӷба дақәтәаны ддәылҵит, Кәыра аԥшаҳәаҿынтә данаақәла, изымчҳакәа дыркырц иқәлеит. Урҭ рыцәгьаршра анидыр, еиҭа абааш дҭаларц азы ақанџьа ааирҳәит. Иара ақанџьа имч ақәымхаӡеит, убри аҟынтә ақанџьа аантә дҭыԥеит. Абжьы геит, аҳҭнырԥар ааҭыҵит; абаа иаакәыршеит. Ашарԥазы аҳиԥа иԥшаара иалагеит. Иара, иҟалаз ала, аӡы дынҭыҵын, ахра аҭыҩра дҭаланы, уа иҽиҵәахит. Уи дызқәымгәыӷуаз ауаҩы диԥшааит; Уи даанкыланы аԥсҳа дидыргалеит, аԥсҳа гәымбылџьбарала дахьирхәит: раԥхьа иблақәа ҭырблааит, нас драҟәеит, убри аҟнытә дыԥсит. Насгьы урҭ абааҿы игылаз Азнаурцәа аацәырҵит, рыгәрагара шьҭыхны, ҭебеҭаа ҭынч иоурышьҭын, Аспурангҟа (Васпурагҟа) идәықәи

ҵеит.