Леуан III Лаша, иара убасгьы Аԥсҳа Анцәабзиабаҩ — Аԥсҳа (957-967), Қарҭли аҳмада (933-957).

Леуан III
Леуан III Лаша́
Аԥсҳа
Амаҵураҭыԥ ахь:
957 – 967
Аԥхьа иҟаз Гьаргь II
Аҭынха Дырмит III
Қарҭли аҳмада
Амаҵураҭыԥ ахь:
932 – 957
Аԥхьа иҟаз Аҳиаԥа Кәасҭа
Аҭынха Аҳкәажәду Гәырандыхәт


Аира ?
Қәҭешь, Аԥсуа аҳра
Аԥсра 967
Қәҭешь, Аԥсуа аҳра
Аԥсыжра аҭыԥ Мықәтәи аныхабаа
Атәылауаҩра Аԥсҳара
Ани аби

Гьаргь II,

аҳкәажәду Елена
Ахәыҷқәа Идырым иԥҳа

Абиографиа

аредакциазура

Ахылҵшьҭра

аредакциазура

Леуан диит Аԥсҳа Гьаргьи аҳкәажәду Еленеи рҭаацәараҿы.

Қарҭли аҳмада

аредакциазура

Аҳраура алагамҭа. Қахьеҭ ақәлара

аредакциазура

933 шықәсазы Қарҭли аҳмада Кәасҭа даныршь ашьҭахь, Гьаргь II Леуан аҳмадас дҟаиҵеит.

Леуан, иаб идҵала, арԥыза еиԥш еиҭах ир шьҭыхны Кахьеҭ дақәлеит. Аха Кәрыкь II аҿагылара шилымшоз идыруан, днеит аԥсҳа иҿаԥхьа хырқьиара ҳәа, аха нас дыбналарц иақәикит. Леуан дааникылеит, диманы Кахьеҭ дигеит, иҭаацәагьы шьҭыхны дгьыжьырц. Аха урҭ бналеит, избанзар қарҭлитә аамсҭацәа ргәырҽанырҵахьан.

Егьырҭ абаақәагьы ргеит, хԥа рыда: Нахҷаван, Боҷорма, Лоҵобан. Лоҵобан абаа Иуана Ариш-иԥа итәын. Уи кыр иҽирӷәӷәан, дызхьыҧшызгьы диҵыҵит. Идыргылеит Шурисцихе, аруаа рыла еибырҭеит. Марани абаа усҟан Хахәа инапаҿы иҟан, уигьы Ариш-иԥацәадреиуан – Иуана диашьан, иашьа диеиԥшны уигьы махәҿа ӷәӷәала икын ибаа.

Нахҷаван абаа Кәрыкь-иҧа Фадла иакәын изтәыз. Уигьы ҩныҵҟала даара иҽирӷәӷәеит. Қорепископ Кәрыкь, имч шазымхо аниба, ажәа имихит иԥсы шеиқәирхо, уи азы Кахьеҭ-тәыла аԥсҳа Гьаргь ишииҭо. Аҳиԥа Леуан Кәрыкь доуишьҭырц игәгьы иҭамшәеит, аха аб даҽакала дныҟәеит. Кәрыкь ҳаԥыхьа аӡынразы имрымхырц Боҷорма абаа. Уи аҟнытә Нахҷаван абаагьы ргеит, шасысгьы иҷкәын аиҵбы Дауҭ димырхит. Уи Аиниара аҽны доурышьҭит.

Кахьеҭ ақәлара. Аԥсҳас аҟалара

аредакциазура

Аӡын ишааӷыҵысыз еиҧш, еиҭах аԥсҳа ир дәықәиҵеит, Леуан ԥызас дрыҭаны. Дақәлеит уи Кахьеҭ, амца иаиргеит. Кахаа рыпҟара дшаҿыз аԥсырӡы иарҳәеит: Гьаргь дуӡӡа, Анцәа бзиа дызбоз, иԥсҭазара дшалҵыз ала. Леуан иаразнак ақорепископ Кәрыкь диԥхьеит, Базалеҭтәи аӡиа ахықәаҿ, наҟ-ааҟ аҽцәа аӡәи-аӡәи рываргыланы, хәлаанӡа лаԥш-ҿаԥшы еицәажәон. Убранӡа имҳәеит иаб дшыԥсыз. Бзиа дшибо агәра ирганы, иԥагьы маҳәыс дшиҭаху иҳәеит. Кәрыкь уи атәы аниаҳа, дҽыжәԥан дхырхәеит, мыцхәы игәы иахәеит ас еиԥш аинышәара. Иаҳарак – ирыбжьарҵаран иҟаз аиуара.

Аԥсҳа Анцәабзиабаҩ. Аҳраура алагамҭа

аредакциазура

Џьавахьеҭ ампыҵахалара

аредакциазура

Леуан III имчра инарҭбааны, Џьавахьеҭ инапаҿы иааигеит. Ари атәылаҿацә аҳмадас далихит илаҩ – Звиад Марышь-иԥа. Ермантәыла аҳәааҿы, иахьатәи Ахалкалаки иацәыхарамкәа, Аԥсуа Аҳраду мрагыларахьтәи аҳәаа ҳәа иҟалаз Џьавахьеҭ иара идҵала Кәымурдо ақыҭан аныҳәарҭа дыргылеит. Ари аныҳәарҭаҿы иҟоуп Леуан ихаҭеи, ари аҳмадара аҿы анапхгара зуаз Звиад Марышь-иԥеи рыхьӡқәа зну аргылатә ҩыра. 964 ашықәс азы ашьаҭаркыз аныҳәарҭаҿы еиқәырханы иҟоуп Леуан III, иаҳәшьа Гәырандыхәти лысабиеи (ԥхьаҟатәи Аԥсҳа Баграт II) ррелиефтә сахьақәа. Кәымурдо иҟоу ауахәама аҿы иануп: «Аҷҟәандар Иуана 964 шықәсазы лаҵарамзазы, Звиад иаҳмадараан, актәи амза асабшаҽны, аԥсҳа Леуан ихаан агәнаҳа змаз Сакоцари инапала ари ауахәама ауасхыр шьақәиргылеит».

Кахьеҭ ақәлара. Леуан иԥсра

аредакциазура

Дгьыжьит Леуан, иаб иҭынхаз адгьылқәа инапаҿы иааигеит, итәыла аҩныҵҟатәи аиқәымшәарақәа рырҽеира иҽазикит, иара убасҟан Аԥсны дазыгьыжьит. Анцәа имч ала идгьылқәа еидикылеит, егьирҭбааит. Иаб иеиԥш Анцәа бзиа дибон, аҟазшьа бзиақәа илан, аԥсаҭа ирҳауан.

Иԥсҳара аусқәа анирҽеи, Кәрыкь дзықәиргәыӷыз иажәа наигӡеит: иӡӷаб ҭацас дриҭеит. Аха аамҭа рацәак мҵыкәан Леуан иԥҳа дыԥсит. Еиҭах Леуан Кәрыкь ӷас дҟаиҵеит, Кахеҭгьы дақәларц иҿынеихеит. Ар дуӡӡа иманы ддәықәлеит Арагви ахықәахь, ихишьааит Мухнар, Херки, Базалеҭ. Уи ақәыларантә дгьежьын, игәы рахәымхан, дыҧсит. Анышә дамардеит аарлаҳәа иргыланы иааз Мықәтәи аныхабааҿ. Аҳраду даҭынхеит Дырмит III

Аныхабаақәа аргылара

аредакциазура

Ермантәыла аҳәааҿы, иахьатәи Ахалкалаки иацәыхарамкәа, Аԥсуа Аҳра амрагыларахьтәи аҵыхәантәи ҳәааны иҟалаз Џьавахеҭ иара идҵала Кәымырдо ақыҭан аныхабаа дыргылеит. 964 ашықәсазы иаԥҵаз аныхабааҿ иҟоуп Леуани иаҳәшьа Гәырандыхәти ррельефтә сахьақәа.

Аԥсны агәҭаны, Мықә ақыҭан, Леуан III идҟала нанҳәа лыхьӡала аныхабаа ссир иргылеит, уа аԥсқәабазгьы шьақәиргылеит. Ари аныхабаа аԥсуа архитектуратә ҵараиурҭа иреиҳаӡоу еихьӡараны иҟоуп, аҳәынҭқарра аекономикатәи акультуратәи ҩаӡара ҳаракны ишыҟоу арҵабыргуеит.

Алитература

аредакциазура