Гьаргь II ― Аԥсҳа (929-957).

Гьаргь II
Аԥсҳа Ду Анцәабзиабаҩ

Гьаргь II. Аибашьразы иқәныҳәара,
асахь. Баҭал Џьапуа.
Аԥсҳа

Амаҵураҭыԥ ахь:
929 – 957

Аҳцәа раҳ, Аԥсҳа Ду
Аԥхьа иҟаз Кәасҭа III
Аҭынха Леуан III


Аира ?
Қәҭешь, Аԥсуа Аҳраду
Аԥсра 957
Қәҭешь, Аԥсуа Аҳраду
Аԥсыжра аҭыԥ Ҷҟондидтәи аберҭыԥ, Марҭвил, Аԥсуа Аҳраду
Атәылауаҩра Аԥсҳара
Ани аби Кәасҭа III

Абиографиа

аредакциазура

Гьаргь — Кәасҭа III Адарнас иԥҳаи дырԥан. 906 ашықәсазы, иаб данырга ашьҭахь, аҳас дҟарҵарц иазхиан[1]. Аха дук мырҵыкәа иаб Аԥсныҟа ддырхынҳәит. 929 ашықәсазы, иаб данԥсы ашьҭахь, Гьаргь Аҩбатәи ихьӡала аҳас дҟалеит. Гьаргь иашьаԥса Баграт диман, уигьы Аԥсны агаразы азин иман. Гьаргьи Баграти еибашьуа иалагеит, аха 930 машәырла дыԥсуеит[1].

Абас ауп Гьаргь II изкны иаҳәо ақырҭуа хроника «Қарҭлис Цховреба»[2][1]. Иара иаҳраан Аԥсуа Аҳра арра-политикатә мчра аиуит, акультура ашәҭыкакаҷра иалагеит. Гьаргь Нхыҵ-Кавказ аҟынӡа, еиҳарак Аланиа аҟынӡа икультуратә експансиа иациҵоит, уаҟа аԥсуа архитеқтуратә ҵараиурҭа ахаҭарнакра азызуа ауахәамақәа рыргы-лара иаҿын. Иара иаҳраан, Кавказтәи ашьхеибаркыра аҩадатәи аган аҟны, ҩадатәи аԥсуаа ахьынхоз аҭыԥ ирӷәӷәеит, урҭ 923 шықәсазы, аҭауад Бер инапхгарала, Шәамахьтәыла иақәлеит. Гьаргь Марҭвил (Ҷҟондид) аҿы аныхабааштә уахәама иргылоит, аԥшьацәа рацәаҩны рыԥсыбаҩқәа уахь ииаигоит, араҟа аҷҟәандартә ҭыԥ шьақәиргылоит[1].

Аԥсҳа Гьаргь Қарҭли дахаиргылт иԥеиҳаб – аҳиԥа Кәасҭа (Кәаҵиа). Хы-шықәса ааҵхьан еиԥш иаб ӷашақә диҿагыло, аҳрагьы имеикәа далагеит. Уԥлисцихе аҩныҵҟа иҽирӷәӷәеит. Ҭбеҭаагьы инеины ачарҳәаҩ идгылт, иара убас жәпаҩык аамсҭацәагьы[3]. Аԥсҳа Гьаргь, иԥа дшиҿагылаҵә-ҟьа агәра анига, ир зегьы шьҭихын, ддәықәлеит еибашьра. Таотәи аҳцәа иваиргылеит, қоре-пископ Фадла[4] ир иманы Уԥлисцихе инакәшеит. Кыр мшы еибашьуан, аха абаа аԥҽра рылымшеит, насгьы даараӡа ирацәаны ауаа ҭан. Мышкы аҽыуаа жәылон, ҽазны – ашьаҟауаа. Аԥсҳа Гьаргь дыргәыбзыӷны Сазвере аҟнытә аамсҭацәа ихы иархәаны, иԥа ус изицҳаит[3]:

Ҳара ҳахь уиас, Аԥсныҟа уҳашьҭуеит, уаҟа уаҳра уахагылап. Уара уаб шьҭа атахт дықәтәамзаргьы, кагьы амам.

Иаҳаз агәра игеит, иара ицнагацәа «уижьоит» шиарҳәозгьы, урҭ рабжьга имаҳаит. Цхабжьон қдеиқәҵак дақәтәан Кәыра дхылеит. Иаразнак иаӷацәа иқәлеит дыркырц, аха игәы еилгеит, дышжьаз еиликааит, шьҭахьла ддәықәлеит наҟ абаа дҭаларц. Урҭ рықдеиқәҵақәеи дареи еиқәымшәеит, еила-ҩеиласхеит, шьоукы аӡы иҭаҳаит. Ашьҭыбжь рацәахеит. Дцәырҵит аԥсҳа, ируаагьы гылт, абаа иакәшан итәеит. Ашамҭаз аԥшаарақәа дырҿыцит. Иара-хәаша, аӡы дҭыҵын, ацаҟьақәа рыбжьара иҽиҵәахызаап. Иара убра дагьырбеит. Дгәазҭаз ихаҭа рыцҳак иакәын, дибеит аԥсҳа иԥа дахьыбжьатәаз. Дыркын, аԥсҳа иҿаԥхьа даақәдыргылт. Даара гәымбылџьбарала иус рыӡбеит: иблақәагьы ҭырхит, дагьдырхәеит[3]. Изымчҳакәан длахыԥсааит. Абаа иҭагылаз аамсҭацәа ажәа рыҭаны идәылигеит, Ҭбеҭаа ахақәиҭра рыҭан Асԥураганҟа еибгала идәықәиҵеит. Гьаргь Қарҭли ирҭынчны, егьи иҷкәын аҳиԥа Леуан уа аҳмадас дҟаиҵеит[1].

Қахьеҭтәи ақәгыларақәа

аредакциазура
 
Ахаҳә аганахьала Аԥсны Гьаргь II уи иԥҳа Гәырандухәтеи рыӡбахә ануп.

Қорепископ Фадла дыҧсит, уи ицынхәрас қорепископс дтәеит Кәрыкь II[3]. Гардабантәи аамсҭацәа аԥсҳа Гьаргь ишҟа ииасуа, иҽимардо иалагеит. Аԥсҳа Гьаргь еиҭах ддәықәлеит иусқәа рырҽеиразы. Кахьеҭ дақәлан, иблит, ирбгеит, иҩныҟагьы дгьыжьит. Аамҭала Атен амҵан дааҭгылеит.

Иҷкәын Леуан усҟан аҳмада ҳасабла Қарҭли дахатәан. Уи еиҭах ир шьҭыхны Кахьеҭ дақәларц иӡбеит. Аха Кәрыкь II аҿагылара шилымшоз идыруан, днеит аҧсҳа иҿаҧхьа хырқьиара ҳәа, аха нас дыбналарц иақәикит. Леуан дааникылеит, диманы Кахьеҭ дигеит, иҭаацәагьы шьҭыхны дгьыжьырц[3]. Аха урҭ бналеит, избанзар қарҭлитә аамсҭацәа ргәырҽанырҵахьан. Қорепископ Кәрыкь иашьа Шурҭа аԥсҳа Гьаргь дхихырц даҿын: уи ииҭеит ихатә баа – Уџьарма.

Егьырҭ абаақәагьы ргеит, хԥа рыда: Нахҷаван, Боҷорма, Лоҵобан. Лоҵобан абаа Иуана Ариш-иԥа итәын. Уи кыр иҽирӷәӷәан, дызхьыҧшызгьы диҵыҵит. Идыргылеит Шурисцихе, аруаа рыла еибырҭеит. Марани абаа усҟан Хахәа инапаҿы иҟан, уигьы Ариш-иԥацәадреиуан – Иуана диашьан, иашьа диеиԥшны уигьы махәҿа ӷәӷәала икын ибаа. Дааит Гьаргь II, ар еижәыларц адҵа риҭеит. Заманала абаа ргеит, Хахәагьы аԥсҳа иҿаԥхьа даақәдыргылт. Аԥсҳа Џьигеҭ-тәыла дганы абахҭа дҭаркырц реиҳәеит[3].

Нахҷаван абаа Кәрыкь-иҧа Фадла иакәын изтәыз. Уигьы ҩныҵҟала даара иҽирӷәӷәеит. Қорепископ Кәрыкь, имч шазымхо аниба, ажәа имихит иԥсы шеиқәирхо, уи азы Кахьеҭ-тәыла аԥсҳа Гьаргь ишииҭо. Аҳиԥа Леуан Кәрыкь доуишьҭырц игәгьы иҭамшәеит, аха аб даҽакала дныҟәеит. Кәрыкь ҳаԥыхьа аӡынразы имрымхырц Боҷорма абаа. Амшаԥы ҟалаанӡа дзыҳәаз, пату ақәырҵеит. Уи аҟнытә Нахҷаван абаагьы ргеит, шасысгьы иҷкәын аиҵбы Дауҭ димырхит. Уи Аиниара аҽны доурышьҭит. Гьаргь II Аԥсныҟа дгьыжьит, Кәрыкь абаагәара Боҷорма Амшаԥы ашьҭахь ҭаирцәырц иҽазыҟаиҵон[3].

Иара убас Таик-Кларџьеҭ аҟны инырра аизырҳаразы иааиԥмырҟьаӡакәа ақәԥара даҿын. Абарҭ ахықәкқәа рынагӡаразы, иԥҳа аҳ Адарнас иԥа - Ашоҭ Кәырополат ԥҳәысс дииҭоит[2]. Уи ашьҭахь, Гьаргь илшеит Таик-Қларџьеҭ ахәҭак агара. Аха Кәрыкь еиҭах итәыла дахагылт. Инеин аԥсҳа Гьаргь иарҳәеит «Кахеҭ зтәыз иргеит» ҳәа. Иаҳаз даара игәы инархьит аҳ, гәыбӷангьы риҭеит, ԥхьан «қорепископ Кәрыкь дҳашьҭыроуп» ҳәа иазҳәақәоз. Аӡын ишааӷыҵысыз еиҧш, еиҭах аԥсҳа ир дәықәиҵеит, иԥа аҳиԥа Леуан ԥызас дрыҭаны. Дақәлеит уи Кахьеҭ, амца иаиргеит. Кахаа рыпҟара дшаҿыз аҧсырӡы иарҳәеит: Гьаргь дуӡӡа, Анцәабзиабаҩ, иԥсҭазара дшалҵыз ала. Леуани Кәрыкьи еинышәеит. Ашьҭахь Аԥсныҟа дхынҳәит, иаба аԥсҳа ду дамардеит, иргылаз аныхабаа ду Ҷҟондид аҩныҵҟа.

Константинопольтәи апатриархи аԥсҳа Гьаргьи

аредакциазура

Аԥсҳа Гьаргь II Константинопольтәи апатриархи иареи еидҳәалан, зныкымкәа Константинопольтәи апатриарх ҭабуп ҳәа иеиҳәон, Ауаԥстәылаҿ аиашахаҵаратә архиепископ иахаргылара ахьилшаз азы[1].

Аԥсҳа Гьаргь II Елена ԥҳәысс дигеит. Иаҳдыруам Елена аҳцәа ршьа далоу, мамзаргьы иаабац нхаҩызу, уигьы ус акәзаргьы ҟаларын. Елена илоуит атитул аҳкәажәду. Аҭаҳцәараҿ ииуеит:

 
Аԥсҳа Гьаргь II ихьтәы џьар.

Алитература

аредакциазура
  • Кәҵниа Иура, Аԥсҳара, Аҟәа, 2022. — ад. 43-44.
  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 1,4 1,5 Чачхалиа Денис, Аԥсҳацәа рыхроника = Хроника абхазских царей, Москва, 2000. — ад. 25-28.
  2. 2,0 2,1 Бгажба Олег, Лакоба Станислав, Аԥсны аҭоурых 10-11 = История Абхазии 10-11, Аҟәа: Анаукеи адырреи рминистрра, 2015. — ад. 143.
  3. 3,0 3,1 3,2 3,3 3,4 3,5 3,6 Чачхал Денис, АԤСУА ԤСҲАЦӘА РҬОУРЫХ, Москва: Аква-Абаза, 2020.
  4. Фадла II - Қахьеҭ анапхгаҩы (918-929)