Николаи ацқьа ихьӡ зху Хәаԥтәи ауахәама

Николаи ацқьа ихьӡ зху Хәаԥтәи ауахәама (ақырҭ. ხოფის წმინდა ნიკოლოზის ეკლესია) — Аԥсны Хәаԥ ақыҭан иҟоу архитектуратә баҟа. Аԥсны ашьхарԥы аҿы иҟоу ахәы иқәгылоуп. 18 километр рыла Гәдоуҭа иацәыхароуп, амшын аҩаӡара аҟынтә 280 м. аҳаракыраҿ. Ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иаарԥшу ақырҭуа адҩылақәа инрықәыршәаны, ауахәама иргылан Николаи ацқьа ихьӡала, X ашәышықәсазы.

Арелиефтә Мальтатәи аџьар

Ахцәажәара

аредакциазура

1967 шықәсазы, Хәаԥ анхаҩцәа, адгьылаарыхра аан аадырԥшит адҩылақәа зныз ахаҳәқәа, дара абарҭ ахаҳәқәа Д. Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут ашҟа инаргеит. Хара имгакәа, аҟазараҭҵааҩы Леон Шервашиӡе Хәаԥ азалтә уахәамақәа ҩба ааирԥшит. Урҭ аныдрыцқьоз, руакы аҿы аарԥшын адҩылақәа зну ахаҳәқәа рфрагментқәа. Абарҭ афрагментәқеи уаанӡа иаарԥшыз адҩылақәа рфрагментқәеи рыла иаԥҵан ақырҭуа асомҭаврули зну иаку ахаҳәҟьаԥс, уи Хәаԥтәи ауахәама афасад ахаҳә ауп. Ахаҳәҟьаԥс агәҭаны аарԥшуп абри адҩыла зну арелиефтә Мальтатәи аџьар

 
«„ჯ(ვარ)ჲ ქ(რისტჱ)სჲ.“»

Аханатә, адҩыла афрагментқәа ишьҭан Д. Гулиа ихьӡ зху аԥсуа бызшәеи,алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҿы, уажәазы ишьҭоуп Д. Гулиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аҿы. Хәаԥтәи ауахәамақәа аҳҭынра ауахәамақәа рҳасабала иргылан, руакы аҿы иаарԥшу адҩыла инақәыршәаны, Николаи ацқьа ихьӡала абри ауахәама иргылеит Егриси- Аԥсны аҳ Гьаргь II (922 -957 шш.).

Хәаԥтәи ауахәама адҩыла

аредакциазура

Раԥхьаӡа акәны адҩыла аазырԥшыз Леон Шервашиӡе идыррақәа рыла, атекстаҿы еиҭаҳәоуп аҳ Гьаргь, иԥҳа Гурандухт лира инамаданы, Николаи ацқьа ихьӡала ауахәама ширгылаз:

 
«„[ქ] აღ(ა)შ(ე)ნა წ(მიდა)ჲ ე [სე ეკლესიაჲ] [..] მ(ა)მ(ადმ)თ(ა)ვ(ა)რმ[ან], [...] მ(ე)ფ(ო)ბ(ა)სა გ(იორგ)ჲ(ს)სა, /ოდ(ე)ს / [გ(უა)რ(ა)ნდ(უ)ხტ] [დაი]ბადა, [........] მ(ი)სსა. წ(მიდა)ო ნ(ი)კ(ო)ლ(ო)ზ, მ(ეო)ხ ეყავ წ(ინაშ)ე ქ(რისტჱ)სა.“»

Апалеографиатә ганахьала, адҩыла кидурҵаисрули аҩыра иаҵанакәеит, аха, ақырҭуа епиграфикаҿы X ашәышықәса иаҵадыркуа кидурҵиасрули ахаҳәтә калиграфиа абаҟақәа иҟоуп, убри аҟынтә, Хәаԥтәи адҩыла 922-957 шықәсқәа ирыҵанакуеитҳәа ҳҳәар ҟалоит. Хәаԥтәи ауахәама зыргылаз аҳ Гьаргь Егриси-Аԥсны аҳ Гьаргь II (922-957 шш.) иоуп, иара аԥҳа даниоу, аҭабура ҳасабала, Николаиацқьа ихьӡала ауахәама иргылеит. ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Гурандухт „ақырҭуаараҳ“ Баграт II иԥа диццан, дара дырхылҵит иеиду Қырҭтәыла раԥхьатәиаҳ Баграт III (978-1014 шш.), иара „х-тәарҭак“ рҭынхас дҟалан, „аԥсуааи ақырҭуааи раҳ“ ҳәа ихьӡарҵеит.

Азхьарԥшқәа

аредакциазура