Чачба, Манча I
Манча I Чачба, иара убасгьы Шәлиман-беи – Аԥсуа аҳра аҳ, баҭымтәи абеи.
Манча I Чачба | |
---|---|
Шәлиман-беи | |
Аԥсуа аҳра аҳ | |
Амаҵураҭыԥ ахь: 1731 – 1758 | |
Аԥхьа иҟаз | Леуан Чачба |
Аҭынха | Зураб Чачба |
| |
| |
Аира |
? Аԥсуа аҳра |
Аԥсра |
1781 Баҭым |
Аԥҳәыс | Есма-ҳаным Арыдԥҳа |
Ани аби | Леуан Чачба |
Ахәыҷқәа | Қьалышь-беи, Хәыхәлаба, Балхәыхә. |
Абиографиа
аредакциазураАхылҵшьҭра
аредакциазураМанча Леуан-иԥа Чачба диит аҳ Леуан (Ҳамыд) иҭаацәараҿы[1].
Аҳраура
аредакциазура1731 шықәсазы иаб Леуан иԥсҭазаара далҵит, уажәшьҭа Манча Аԥсуа аҳра аҳс дҟалеит[1]. 1733 шықәсазы аҭырқәа сулҭан ир, Гыртәылантәи Аԥсны иақәлеит. Абаа Очемчери (иахь ақал. Очамчыра) рнапахьы иааргеит. Уаантә аԥсуаа пату зқәырҵоз Елыртәи ауахәама рыблит. Манча ари ашьҭахь иқәшаҳаҭра иааирԥшит. 1740 шықәсқәа рзы ԥҳәысс дигоит асаӡқәа раҳкәажә - Есма-ҳаным Арҭԥҳа.
Ажәаатәи ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәа абаа аԥашьас дҟалеит асаӡтәи аҭауад - Арслан(Аслан)-беи Гьачба. Убри аамҭазы Манчаи Арслани реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахеит. Ишнеи-шнеиуаз, 1757 шықәсазы Манча иуа, Мырзаҟан анапхгаҩы - Хәҭын Чачба, ируаа иманы аҭырқәцәа дырҿагылеит[1]. Уи ҽыҵгас иҟаҵаны аҭырқәцәа рсулҭан Мысҭафа III иӡбеит Манча Аԥсны аҳ имаҵура дамихырц.
Ус 1758 шықәсазы Арслан-беи инапхгарала, аԥсуа аамсҭадуқәа (афеодалцәа) ақәгылара мҩаԥыргеит. Убри ақәгылара иахьҟьаны Манча иҭаҳцәеи, ихаҭеи, иашьцәа Зурабеи Шьыруанеи Тырқәтәылаҟа иахыган[1]. Уа аԥсылманра идикылоит.
Аҭырқәа имаҵураҿы
аредакциазураАԥсылманра анидикыл ашьҭахь Шәлиман-беи иаразнак дрышьҭит амаҵура. ~1760 шықәсазы Шәлиман-беи Баҭым ахадас дҟарҵоит.
Аԥсра
аредакциазура1781 шықәсазы иԥсҭазаара далҵоит Манча Чачба[1].
Аҭаҳцәа
аредакциазураАҳ Манча ԥҳәысс дааигеит асаӡқәа раҳкәажә Есма-ҳаным. Уи лҟынтә иит[1]:
- Қьалышь-беи – (1747-1808) аҳиԥа, ԥхьаҟатәи Аԥсуа аҳра аҳ.
- Хәыхәлаба – аҳиԥа.
- Балхәыхә – (?-1801) аҳиԥа