Меҳмед-беи Чачба — Қьалышь-беии иԥшәмаԥҳәыс Рабиа-ҳаным дырԥан[1].

Меҳмед-беи Чачба
Мырзаҟан ахада
Амаҵураҭыԥ ахь:
1804 – 1805
Аԥхьа иҟаз Леуан Чачба
Аҭынха Манча Чачба


Аира 1785
Лыхны, Бзыԥны, Аԥсуа аҳра
Аԥсра 1805
Мырзаҟан, Аԥсуа аҳра
Ани аби


Қьалышь-беи Чачба


Рабиа-ҳаным Амаршьан
Ахәыҷқәа

аҭауад Леуан

аҭауад Зураб

Аԥсҭазаара

аредакциазура

Меҳмед-беи диит Лыхны, мамзаргьы Аҟәа 1785 шықәсазы, иаб еицырдыруаз Қьалышь-беи иакәын[1]. Меҳмед-беи, ҳәарада, даара дыԥсыҽын, дычмазаҩын, ахьҭа ӷәӷәа иман[2]. Қьалышь-беи уи иӷәӷәоу аҳратә ҭынха иаҳасабла дибомызт, Ҳасан-беи (Мехмед-беи иашьа еиҵбы) еиҳа дизҿлымҳан[2]. 1804 шықәсазы Қьалышь-беи зықәранаӡахьоу иԥацәа еиуеиԥшым адгьылқәа рҟны мпыҵакҩыс иҟаиҵеит[3]. Меҳмед-беи Мырзаҟан аҟны анапхгаҩыс дҟаҵан, избан акәзар, аҭауад Леуан иқәрахь днеихьеит (~70 шықәса)[3][2]. Аха Леуан дгьылда даанымхеит, Ԥаҳәлан ақыҭа иҭан. Аха аԥхьан ишааҳәоз еиԥш, уи игәамч ԥсыҽын, дычмазаҩын, уи зегьы Мырзаҟан инапхгара ианыруан. Уи атәылаҿацәаҿ амчра имамызт. 1805 ашықәс азы аҭауад Меҳмед-беи иԥсҭазаара далҵоит[1]. Иара убри ашықәсан Мырзаҟан Урыстәылатәи аимпериа иахәҭакхеит[3].

Аҭаацәазаара

аредакциазура

1800 шықәсазы аҭауад Меҳмед-беи аҭаацәара далалеит. 1801 ашықәс азы диит иԥа Леуан, ашьҭахь иԥа Зураб[1]. Урҭ раб иԥсра ашьҭахь адинастиа рхылаԥшра аҵаҟа иаан[3].

  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 Чиковани Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
  2. 2,0 2,1 2,2 Гәымба Михаил, Ҳасан-беи, Аҟәа, 2012.
  3. 3,0 3,1 3,2 3,3 Гәымба Михаил, Қьалышь-беи, Аҟәа, 2014.