Росҭом-беи Чачба – аԥсуа аҳиԥа, аҳ Қьалышь-беии Рабиа-ҳаными рԥа иакәын[1].

Росҭом-беи Чачба
Расҭем-беи Чачба
Аира 1804
Аҟәа, Аԥсуа аҳра
Аԥсра 1824
Аԥсуа аҳра
Адин аԥсылманра
Аԥҳәыс Қьаҭауан Адианԥҳа

Росҭом-беи Чачба диит 1804 шықәсазы Аҟәа, Аԥсуа аҳра аҳ Қьалышь-беии, уи иԥшәмаԥҳәыс Рабиа-ҳаными рҭаҳцәараҿы[1]. Иаб идҵала Росҭом-беии, ԥшьышықәса зхыҵуазгьы Ҭаир-беии, рашьеиҳабы Ҳасан-беи дырхылаԥшуан[2]. Аԥсны аҵасқәа рыла, Росҭом-беи дании ашьҭахь, иаразнак ааӡара дрышьҭит драндатәи (ҵҟыбынтәи) анхаҩцәа Лолуа рахь[3].

Лаҵарамза 2 1808 шықәсазы, Росҭом ԥшьышықәса ракәын иихыҵуаз иаб Аԥсны аҳ Қьалышь Аҳмаҭ-беи Чачба даныршьыз[1][2][3]. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь, ааӡаҩцәа рахьынтә данааи, иашьеиҳабы Ҳасан-беи иахь анхара дцеит[3]. Уаагь, Кьалашәыр дынхон иангьы. Гәыма иихигеит иҿара шықәса. Ианиазҳа Ҳасан-беи, Ҭаир-беии Росҭоми, мазарас ириҭеит Мархьаул ақыҭа[3].

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа

аредакциазура

Нанҳәа 1 1821 шықәсазы Росҭом-беии, Ҭаир-беии, рашьа Баҭал-беии еицны аҳкәажәду Ҭамара лхан иақәлеит[3][4]. 1823 шықәсазы ԥҳәысс дааигоит ҩажәижәаба шықәса зхыҵуаз, еибахаз мырзаҟантәи аҳкәажә – Қьаҭауан Гьыргәал-иԥҳа Адианԥҳа[1]. Лара раԥхьа диццеит Мырзаҟан анапхгаҩыМанча Чачба (1769-1813).

Росҭом-беи 1823 ш-нӡа иашьа еиҳабы Аслан-беи иган дадгылан. Аха 1823 шықәсазы, Қьаҭауан ԥҳәысс данааига ашьҭахь, аурысцәеи аҳ Михаили рганахь диасит. Убри иахҟьаны 1824 шықәсазы ҵабалтәи аҭауад Хьымкәрас Амаршьан аҳиԥа Росҭом-беи диеихсны дыршьоит[1][5]. Аурысцәа Росҭом-беи ишьа руит: ҵабалтәи аҭауад идгылаҩцәа рыҩнқәа рблит, Хьымкәрас ихаҭа дырбаандыҩыртәит[5].

  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 1,4 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Ауниверсал, 2007.
  2. 2,0 2,1 Гәымба Михаил, Қьалышьбеи (1747-1808), Аҟәа, 2014.
  3. 3,0 3,1 3,2 3,3 3,4 Гәымба Михаил, Ҳасанбеи, Аҟәа, 2012.
  4. Гәымба Михаил, Аԥсны аҳ Дырмит (Омарбеи) Чачба, Аҟәа, 2019.
  5. 5,0 5,1 Гәымба Михаил, Аԥсуа аҳра XIX ашәышықәса 40-50 ашықәсқәа рзы, Аҟәа, 2022.