Ампыҵахалара (алаҭ. annexio, annexus) — ари мчылатәи аҳәынҭқарра, мамзаргьы уи ахәҭак даҽа ҳәынҭқаррак ганкахьала мацара адҵара ауп иаанаго.

Изакәызеи аннексиа-ампыҵахалара аредакциазура

Ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны, аннексиа ари агрессиа ахкқәа ируакуп, иахьатәи аамҭазы иара жәларбжьаратәи — азинтә ҭакԥхықәра аҵанакуеит. Аннексиеи аоккупациеи реиԥшымзаара алкаара аҭахны иҟоуп, ампыҵахалара иаанагом аҵакырадгьыл аиуристтә еиҭакрақәа аланагалоит ҳәа. Убас, иаҳҳәозар Босниеи Герцеговинеи, 1878 шықәса раахыс Австро-Венгриа анапаҵаҟа аоккупациа аҟны ианыҟаз, аннексиа азуын ҳәа иԥхьаӡан, 1908 шықәса рзынӡа формалла Османтәи аимпериа иаҵакырадгьылны иԥхьаӡан. Ҭырқәтәылатәи ареспублика Аҩадатәи Кипр аԥҵара рылаҳәан 1983 шықәса рзы, уахь аҭырқәа архәҭақәа аналагалаз, анаҩс 1974 шықәса рзы Ҭырқәтәыла мацарала иазхаҵан, аха уи аилазаара иалаҵамызт.

Аннексиа, мамзаргьы ампыҵахалара абас еиԥш аилкаарақәа реиԥшымзаара азгәаҭатәуп:

  • «аӡәгьы иитәым адгьылқәа» раахәара (terra nullius) иеффективтәу аоккупациа ала, аҵакырадгьыл анапахьы аагара хықәкыс иҟаҵаны;
  • цессиа-ҭынч мҩала ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл даҽа ҳәынҭқаррак аҭара, аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩра иабзоураны;
  • адиудикациақәа — ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл ахәҭак даҽа ҳәынҭқаррак аҭара, аӡбарҭеи арбитражтә органи рыӡбамҭа инақәыршәаны;
  • аахәаратә аамҭа акрахыҵра — асуверенитет аахәара, мамзаргьы аиура еимактәыз аҵакырадгьыл аҟны акраамҭа ҳәа;
  • аккрециа — ҿыц иаԥҵахаз адгьылтә ҭыԥқәа рыла аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аизырҳара. Ишьақәгылахьоу жәларбжьаратәи азин аҟны ишарбоу ала аннексиа — мамзаргьы ампыҵахалара иахьатәи аамҭазы аҵакырадгьыл аахәара аҟны аиуристтә ҵакы амам, избанзар ус еиԥш аҭагылазаашьа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны амчра ахамырхәара апринцип еиланагоит.

Аннексиа жәларбжьаратәи азин аҟны аредакциазура

Аклассикатә жәларбжьаратәи азин аҳәынҭқаррақәа азин рымнахуамызт арратә усқәа рымҩаԥгаразы. Даҽа ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл ампыҵахалара ганктәи аҳәамҭа ала, мамзаргьы аҭычратә еиқәышаҳаҭра амчра анаиулак анаҩс, аҭагылазаашьақәа зегьы азгәаҭаны аиуристтә шьаҭа змоу аҵакырадгьыл аахәара ауп ҳәа иԥхьаӡан.

Аибашьра аан, мамзаргьы зыӡбахә ҳәоу аҵакырадгьыл еибашьрала ганкахьалатәи ампыҵахалара — ари ҵыхәтәантәины, хырԥашьа змам ҭагылазаашьаны иԥхьаӡан. Убри алагьы, аибашьра еилгаанӡа, мамзаргьы аҭынчратә еиқәышаҳаҭра анапы аҵарҩаанӡа, мчылатәи ампыҵахалара афакт аҵакырадгьылтә суверенитет аҭаразы азинтә шьаҭа азхоит ҳәа иԥхьаӡамызт. Аҳәынҭқарра-амԥыҵахалаҩ зинс иамаз аоккупациа ҟазҵаз аҳәынҭқарра азинқәа ракәын.

Даҽа ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩрада уи аибашьра шьаҭас иамамзар, азинмчы амамызт ҳәа иԥхьаӡан, аннексиа ҟазҵо аҳәынҭқарра ари аҵакырадгьыл аҟны иӷәӷәаны ашьаҭақәа аҳазаргьы. Убас, Босниеи Герцеговинеи раннексиа, 1908 шықәса рзы Австро-Венгриатәи аимпериа ала аиуристтә шьаҭа амамызт ҳәа иԥхьаӡан, ари аҵакырадгьыл 1978 шықәса рзы Берлинтәи аконгресс аӡбамҭа ала Австро-Венгриа анапаҵаҟа ишиагазгьы.

Актәи Адунеизегьтәи еибашьранӡа, акыр аҭынчратә еиқәышаҳаҭрақәа, насгьы уи анҵәамҭазы анапы зҵаҩыз, иазгәарҭон аиааира згаз аҳәынҭқаррақәа, мамзаргьы изиааиз аҳәынҭқаррақәа рыҭара, мамзаргьы ҿыц иаԥҵахаз аҳәынҭқаррақәа рыҭара. Ас еиԥш аиқәышаҳаҭрақәа мчылатәи анапаҵаҩратә елементқәа ишрызцәымцозгьы, дара аиуристтә шьаҭа рымоуп ҳәа иԥхьаӡан.

Аннексиа Амилаҭқәа Рлига аԥҟаԥҵәа амчра анаиу ашьҭахь аредакциазура

Даара иҭышәынтәалаз ааԥхьарахеит, раԥхьатәи аннексиа алегитимразы Амилаҭқәа Рлига аԥҟаԥҵәа (1920 ш.), уи ажәабатәи ахәҭаҷ аҟны иаартны хәдықәҵара азнауан аҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылтә акзаарақәеи, аҳәынҭқаррақәа рполитикатә хьыԥшымреи, ажәаҩатәии ажәафтәии ахәҭаҷқәа рҟны акәзар, аибашьра алагара азин ԥкын. Анаҩс, ихадараз шьаҿаны иҟалеит Келлог-Бриан ипакт (1982 ш.) амчра аиура, уи аибашьра азы азин ҟанаҵомызт, аполитикатә хықәкқәа рызнеиразы мыругас иҟаҵаны.

Ас еиԥш азинтә еиҭакрақәа ирыбзоураны, агрессиатә ҟазшьа змаз аибашьрақәа азиншьаҭа змамыз ҳәа ирыԥхьаӡо иалагеит, ус еиԥш аибашьра иабзоураны аҵакырадгьылқәа анапахьы аагара жәларбжьаратәи азин аҟны илегитимтәым, насгьы амч змам ҳәа иахәаԥшуа иалагеит.

Аннексиа – Еиду Амилаҭқа Реиҿкаара Аԥҟаԥҵа амчра анаиу ашьҭахь аредакциазура

1945 шықәса рзы, амчра зауз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҟаԥҵәа жәларбжьаратәи азин аҟны ишьақәнарӷәӷәеит аннексиа аанкыларазы зегьы ирзеиԥшыз азин амҭара. Аԥҟаԥҵәа аҩбатәи ахәҭа ахԥатәии аԥшьбатәии ахәҭаҷқәа аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа ирыднаҵоит жәларбжьаратәи аҳәоуеиқәымшәарақәа рыӡбаларц ҭынчымҩала, иара убасгьы дара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны аҵакырадгьылтә акзаара, мамзаргьы иарбанызаалак аҳәынҭқарра аполитикатә хьыԥшымра мчралатәи ақәмақарреи амчи рыла рыӡбара аҟнытә рыҽныркылаларц. Абасала, аибашьра мацара акәымкәа, амч ахархәара иарбан формазаалакгьы иахәаԥшуа иалагеит жәларбжьаратәи-изакәандаратәу усны, уи еиԥш аус азин аиура зыҟамло. Абарҭқәа инарықәыршәаны, иарбанызаалак аннексиа - ампыҵахалара закәан шьаҭак аманы изыҟалом.

Аҳәынҭқаррақәа аиуристтә шьаҭала ирыдуп аннексиа-ампыҵахалара амҩала инагӡоу, аҵакырадгьылтә еиҭакрақәа разхамҵара. Убри анаҩсангьы, аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл зегьы аннексиа азура алнаршом уи аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азин асубиектк аҳасаб ала аныӡаара, алшара шамамгьы ахатәы суверинетет аԥҵаразы, аҵакырадгьыл хылаԥшра аҭара шзалнамыршогьы.

Ҳаамҭазтәи азинтә ҭагылазаашьа аредакциазура

Изакәаным аннексиа апринцип изныкымкәа ишьақәырӷәӷәан еиуеиԥшым Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хадеи Ашәарҭадаратә Хеилаки ррезолиуциақәа рҟны. 1967 шықәса рзы, Ашәарҭадаратә Хеилак 242-тәи арезолиуциа аҟны (1967 ш.) инаҵшьны иазгәаҭан «аибашьра амҩала аҵакырадгьыл анапахьы аагара ҟалом» ҳәа. Ас еиԥш ишьақәырӷәӷәан,1974 шықәса рзы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада 3314-тәи арезолиуциа аҟны (XXIX), ахәбатәи ахәҭа ахԥатәи апунк аҟны агрессиазы аилкаара атәы ахьаҳәо, уа иазгәаҭан «иарбанызаалак аҵакырадгьыл анапахьы аагара, агрессиа ахархәара ала, азакәан шьаҭа аманы иԥхьаӡазарц залшом» ҳәа.

Арегионалтә ҳаракыра аҟны Хельсинктәи Ахыркәшаратә акт-1975 ш. рзтәи аҟны I—IV апринципқәа рҟны аҳәынҭқаррақәа рсуверентә еиҟарара азханаҵоит. Аҳәынҭқаррақәа ҭакԥхықәраны ирыдуп амч ахамырхәара, ақәымчра аҳәаақәа рыламкьысра, аҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылқәа ракзаара аганахь ала, ус аҭыԥ анаиу аамҭазы, аннексиа ахархәарала аҵакырадгьылқәа анапахьы аагара азакәантә шьаҭа амамзаара шьақәнарӷәӷәоит.

Ахԥатәи аҳәынҭқаррақәа иарбанызаалак рҵакырадгьылтә ԥсахрақәа, аннексиа абзоурала иҟалаз, разхамҵара атәы ҳәоуп Жәларбжьаратәи азин азы акомиссиа азакәанԥҵара аҟны.

Иерусалими Голантәи аҳаракырақәеи рымпыҵахалара аредакциазура

 

1947 шықәса рзтәи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аплан аҟәша инақәыршәаны, Иерусалим жәларбжьаратәи қалақьны иҟалар акәын. Иара иадыргалоз ауриатәии арабтәии аҳәынҭқаррақәа ирыҵанакуа иҟамлар акәын. Араб-израильтәи аибашьра аан, 1948 шықәса рзы, Иерусалим мраҭашәаратәи ахәҭа Израиль иаанакылеит. Аибашьра еилгеит 1949 шықәса рзы, анапы зҵаҩыз аинышәаразы аиқәышаҳаҭра ала.

1967 шықәса рзы, фымштәи аибашьра аан игаз аиааира иабзоураны, Израиль Мрагыларатәи Иерусалим анапахьы иаанагеит, уи алагьы ақалақь аҵакырадгьыл хылаԥшра анаҭо иҟалеит, уи анаҩс иаку Иерусалим аҟны ахатәы суверенитет рыланаҳәеит.

Израиль иаднакылоз аусқәа жәларбжьаратәи аилазаара иаднамкылеит, изакәаным аннексиатә актуп ҳәа иаԥхьаӡеит, уи иалнаршом ақалақь астатус аԥсхара жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны ҳәа иаԥхьаӡеит. Ус шакәыз дырҵабыргуеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хадеи Ашәарҭадаратә Хеилаки ирыдыркылаз арезолиуциақәа (шәахәаԥш, Арезолиуциақәа 2253 [ES-V] и 2254 [ES-V] 1967 ш.), (убасгьы арезолиуциа 252 1968 ш.). Ас еиԥш апозициа анаҩстәи арезолиуциақәа рҟынгьы ишьақәырӷәӷәан.

Голантәи аҳаракырақәа раннексиа атәы ҳҳәозар, ус еиԥш Израиль имҩаԥнагеит, 1981 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы ирыдыркылаз Голантәи аҳаракырақәа рзы Азакәан амчра ахархәара ала, Ашәарҭадаратә Хеилак арезолиуциа аҟны ишьақәнарӷәӷәеит: «Израиль аӡбамҭа ахатәы закәанқәа рышьақәыргыларазы, аоккупациа зызуу сириатәи Голантәи аҳаракырақәа рҟны аиурисдикциеи анапхгараҭареи рышьақәыргылара иазырхоу жәларбжьаратәи аиуристтә мчра амам», – ҳәа (Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә Хеилак арезолиуциа №497 1981 ш.). Аиԥш зеиԥшыз агәаанагара аҳәеит Ассамблеиа Хада арезолиуциа ES-9/1, 1982 шықәса рзы. Аха ус шакәызгьы, 2017 шықәса ԥхынҷкәынмза 6 рзы, Еиду Америкатәи Аштатқәа рхада Дональд Трамп официалла аҳәамҭа ҟаиҵеит Иерусалим Израиль иаҳҭнықалақьуп ҳәа.

Ҟрым аннексиа аредакциазура

 

2014 шықәса рзтәи Украинатәи ареволиуциа, Евромаидан аҵысра алахәцәа рыла иабжьгаз, Украина аҳҭнықалақь Киев аҟны, акыр ианубаалаша ахҟьаԥҟьақәа ҟанаҵеит Ҟрым азы. Адгьылбжьаха амчрақәа, еиҳарак аетникатә аурысцәа рыла ишьақәгылоу ауааԥсыра роуп еснагь аурыс политика иадгылоз, уаанӡатәи рпрезидент В. Ианукович иполитика иадгылоз. Уи атәыла даналырца, иааргаз мраҭашәараҟа иԥшуаз аамҭалатәи аиҳабыра, «насильственная украинизация» иашьҭаз, Ҟрым аганахь ала асепаратисттә дҵақәа ықәнаргыло иалагеит.

2017 шықәса, хәажәкырамза 17 рзы, Украинатәи Автономтә Республика Ҟрым ахьыԥшымра рыланаҳәеит, насгьы Урыстәылатәи Афедерациа алаларазы аҳәара ҟанаҵеит. Ҟрым аҳәара Урыстәыла адгылара азыҟанаҵеит, адырҩаҽныҵәҟьа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини Ҟрым ахаҭарнакцәеи Ҟрым Урыстәыла адҵаразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит, уи иабзоураны Ҟрым официалла Урыстәылатәи Афедерациа иасубиектны ирылаҳәан.

2014 шықәса, хәажәкырамза 24 рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада арезолиуциа 68/262 аднакылеит, Украина аҵакырадгьылтә акзаара иадгылоз. Арезолиуциа аҟны аҳәамҭа ҟаҵоуп, Ҟрым хәажәкырамза 16, 2014 шықәса рзы имҩаԥгаз Ареферендум азакәан шьаҭа амам ҳәа, насгьы аҳәынҭқаррақәа зегьы, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахь ааԥхьара ҟаҵан Автономтә Республика Ҟрыми ақалақь Севастополи рыстатус аԥсахра азхарымҵаларц азы.

Босниеи Герцеговинеи рымпыҵахалара аредакциазура

 

Босниеи Герцеговинеи 1878 шықәса раахыс Австро-Венгриа анапаҵаҟа аоккупациа аҟны ианыҟаз, аннексиа азун ҳәа иԥхьаӡан 1908 шықәса рзы, уаанӡа формалла Османтәи аимпериа иаҵакырадгьылны иԥхьаӡан. Ҭырқәтәылатәи ареспублика Ладатәи Кипр рылаҳәан 1983 шықәса рзы, уахь аҭырқәа архәҭақәа аналагалаз анаҩс 1974 шықәса рзы, иара Ҭырқәтәыла мацарала иазхаҵан, аха уи аилазаара иалаҵамызт.

Алитература аредакциазура

Словарь русского языка: В 4-х т. / РАН, Ин-т лингвистич. исследований; Под ред. А. П. Евгеньевой. — 4-е изд., стер. — М.: Рус. яз.; Полиграфресурсы, 1999г.

Азхьарԥшқәа аредакциазура