АҳАԥсны анапхгаҩцәа ирхадыргылоз ажәытәӡатәи аԥсуа титулуп[1]. Атитул Аҳ ахархәара аман Абазгиаҿ. Леуан II аҳраура далагаанӡа атитул аҳ - Аԥсны анапхгаҩы ирҭон, аха Леуан "аҳ" аҭыԥан "аԥсҳа" ҳәа атитул идикылеит[1][2]. Ашьҭахь 1459 инаркны 1864 рҟынӡа Аԥсуа аҳраҿы ари атитул ахархәара аиуит[1].

Зегь реиҳа ижәытәӡатәиу аԥсуа-абаза социалтә терминқәа иреиуоуп аҳ “ицхаҵкы”, “аҭауад”. Шь. Д Инал-иԥа иҩуеит:

Ааигәанӡа аԥсуа ҭацацәа аиҳабы аҳ ма дадаҳ, саҳ ҳәа ишьҭан, зегь реиҳа ҳаҭыр зқәу ҳәа аҵакы аҭаны, иԥҳәысгьы – нанаҳ[3].

Ажәа аҳ аҟынтәи ишьақәгылоуп абарҭ аԥсуа терминқәа[3]:

  • аҳкәажә ― аҳ ма аҭауад иԥҳәыс.
  • аҳкәажәду ― «аҳәынҭқарԥҳәыс», аԥсҳа иԥҳәыс, ма аҳраду анапхгаҩы.
  • аҳра ― аҳ ахадас дахьаау атәыла.
  • аҳраду ― аԥсҳа хадас дахьаау атәыла
  • аҳҭны ― аҳ иаҳҭнықалақь, итәарҭа
  • аҳҭырԥар // аҳҭнырԥар ― аԥсҳа ма аҳ ихьчаҩцәа
  • аҳиԥа ― аҳ ма аԥсҳа иԥа.
  • аҳԥҳа ― аҳ ма аԥсҳа иԥҳа.

Иара ахаҭа титул аҳ ижәытәӡатәиу аԥсуа-абазатә атермин ауп[3]. Атитул аҳ Аԥсуа аҳраҿы еиҭашьақәдыргылеит 1459 ашықәс азы, усҟан Аԥсны раԥхьатәи аҳс дыҟан Рабиа Чачба, аҵыхәтәантәи аԥсуа аерисҭау (аҳмада) - Аргәынаиа Чачба иԥа[4]. Аҵыхәтәантәи Аԥсуа аҳра аҳ иакәын ― аҭауад лаша аҳ Аҳмыҭ-беи (Михаил) Чачба[4][1].

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 Абӷажәба О. Хә., Лакоба С. З., Аԥсны аҭоурых. Жәытәнатә аахыс иахьа уажәраанӡа, Аҟәа, 2015. — ад. 246.
  2. Чачхал Денис, Аԥсуа аԥсҳацәа рыхроника, Москва, 2015. — ад. 16-18.
  3. 3,0 3,1 3,2 Кәарҷиа В. Е., АУСУМҬАҚӘА РЕИЗГА, Аҟәа: Academia, 2020. — ад. 357.
  4. 4,0 4,1 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Ауниверсал, 2007. — ад. 25.