Аҳмада
Аҳмада – аҭоурыхтә хьӡы, амаҵура аҳратә Аԥсныҟны[1]. Иара – аҳмадара анапхгаҩуп. Аамсҭара рҟынтә иалху ауаа.
Аԥсуа аҳрадуаҿ
аредакциазураАԥсуа аҳраду ишон аԥшьқәеи, аҳрақәеи, ақыҭақәеи ацуҭақәеи, аҳмадарақәеи рыла. Абарҭ аҳмадарақәа рҟны дахагылан аҳмада. Атитул аҳмада жәа-жәала еиҭаугар ҟалоит "анапынҵаҩ" ма "агәрагаҩ" еиԥш[1].
Атитул аҳмада раԥхьаӡакәны иаҳԥылоит ажәытәӡатәи ақырҭуа хыҵхырҭаҿы. Иҷыданы иарбоуп, иара убри ахыҵхырҭаҿ 13-тәи ашәышықәса аҵыхәтәаны Кавказнҭыҵтәи ахҭысқәа ирыдҳәаланы, аҳ зыгәра иигоз аӡәы иӡбахә ҳәоуп[1]. Иара убри аҳ игәрагаҩы Суарамтәи атәылаҿацәаҿи Қарҭлиаҿи аҳмадас дҟаҵан. Аҳцәа рхәыҷқәа, иара убасгьы аҳҭынрауааи, мамзаргьы аҭауадацәеи аамсҭацәеи аҳмадас иҟалартә рылшон. Иаҳҳәап аҳиԥа Тинени аҳкәажәду Гәырандыхәти, Қарҭли аҳмадас иаан; аҭ. Звиад Марышь Џьавахеҭ аҳмадас даан, уҳәа убас егьырҭгьы[2].
Аԥсҳа аҳмада иҭыԥ аҿы даҽаӡәы дҟаиҵар илшон. Убри аҟнытә аԥсҳа Гьаргь II иԥаеиҳабы – аҳиԥа Константин, Қарҭли аҳмада имаҵура дамихит. Уи ихаҭыԥан егьи иҷкәын – аҳиԥа Леуан, Қарҭли аҳмадас дҟаиҵеит[2]. Аха аҳмада изинқәа уажәнатә иркьаҿхьан. Аҳиԥа Константин анапхгара аниуаз, Қарҭли аҳмада изинқәа Қарҭли аҳи еиҟаран. Аха аҳиԥа Леуан анапхгара аниуаз, Қарҭли аҳмада изинқәа ирмаҷхьан.
Атермин аҳмада, аамсҭа еиԥш, аԥсуа-абаза лексикаҿы Аԥсуа аҳраду ашьақәгылара аҵкыс акырӡа заа ицәырҵызшәа убоит, насгьы Аԥсуа аҳраду аамҭазы аҳмада аԥсҳа игәрагаҩ иакәын. Атермин аҳамада аҟынтәи, ҳәарада, Кавказ аҿы еицырдыруа ажәа ҭҳамада // аҭалбошь (атамада), уи иаанагоит аԥшәма ихьӡала ныҳәа мҩаԥызго ауаҩы[2].
Азгәаҭқәа
аредакциазура- ↑ 1,0 1,1 1,2 Кәарҷиа В. Е., АУСУМҬАҚӘА РЕИЗГА, т. V АЕТНИКАТӘ ҬОУРЫХ, Аҟәа: Academia, 2020.
- ↑ 2,0 2,1 2,2 Чачхал Денис, Аԥсҳацәа рыхроника, Москва, 2000.