Дырмит III – аԥсҳа (967-975)[1].

Дырмит III
Аԥсҳа

Амаҵураҭыԥ ахь:
967 – 975

Аҳцәа раҳ Аԥсҳа Ду
Аԥхьа иҟаз Леуан III
Аҭынха Феодоси III


Аира ?
Аԥсуа Аҳраду
Аԥсра 975
Қәҭешь, Аԥсуа Аҳраду
Ани аби

Гьаргь II

аҳкәажәду Елена

Абиографиа

аредакциазура

Дырмит – Гьаргь II-тәии уи иԥшәмаԥҳәыси аҳкәажәду Еленаи рҭаацәараҿ[2]. 967 шықәсазы иашьа аԥсҳа Леуан III иԥсҭазаара далҵоит. Дырмит аԥсҳас дҟалоит. Гьаргь II иԥеиҵбы Феодоси ихәыҷраан Бырзентәылахь дышьҭын, аҳра азыҳәан аиашьцәа ашьа карымҭәырц азы[2]. Аха Дырмит дызҭахымыз аамсҭа дуқәа Феодоси Аԥсныҟа иааиԥхьеит. Ақырҭуа афеодалцәа рыцхыраара ала Феодоси иашьа еибашьрала аԥсҳа иҭыԥ ицәигарц ииҭахын. Аха иашьа аиааира игеит. Феодоси дшәаны Қарҭли ддәықәлеи[1].

Шықәсык ашьҭахь, Дырмит Мцхьеҭа, ауаа дуқәа рҿаԥхьа Феодоси ихақәиҭра иазкны ақәра ииҭеит. Иара дақәшаҳаҭын Феодоси иареи, рашьа Леуани иареи реиԥш, аҳра еицыруарц азы. Убас ала Дырмит иашьа Феодоси игәаҽанызаара ирҭынчит. Ари ахҭыс ашьҭахь иашьа Фео-доси иаразнак илақәа ҭырблааит. Феодоси иашьа иҿаԥхьа ихара зеиԥшразаалакгьы, аԥсуааи арегионалтә елитаи рыхәҭакгьы ари аҩыза ашьауӷа мыцхәуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Аоппозиционер рзы зегь реиҳа ргәы ԥызжәоз, иақәшаҳаҭымхоз акы акәын Дырмит Мцхьеҭтәи Апатриархтә ныхабааҿ абжьаҟазацәа Свети Цховели риҭаз аҭоуба ахьеилеигаз. Иара иҭиит аҭоуба ашьақәырӷәӷәаҩцәа реиԥш иҟаз аамсҭара. Урҭ рҟны еиҳабыс дыҟан Кахеҭ акорепископ Квирике, уи аныхабааҿ аҭоуба ҟаиҵеит, акы ҟалар, Феодоси иԥсразы ашьоура шыҟаиҵо. Убри аҟнытә апсҳа Дырмит иашьа иԥсҭазаара ицәыимгит, иблақәа ҭиблааит, уи ала Феодосии аԥсҳас иҟаларазы алшарақәа зегьы имихит. Феодоси идгылаҩцәа ақәгыларақәа мҩаԥыргеит, аха Дырмит ӷәӷәала, гәымбыџьбарала урҭ ақәгыларақәа ихәаҽит[2]. Феодоси идгылаҩцәа аҭоубеилагаҩ Дырмит иԥсы ҭанаҵы иаҳраура иаԥырхага-хеит. 975 шықә-сазы, ҳшара змамыз Дырмит иԥсҭазаара далҵеит[2]. Иҟалап Дырмит аҳцәа раҳҭынраҿы лассы-лассы ишыҟалоз еиԥш, ԥсабаратә ԥсрала дым-ԥсызаргьы. Иҟалап иԥсра акорепископ Квирике дзықәиргәыӷыз ашьауӷа акәызҭгьы. Иара диҭынхеит иашьа-чала Феодоси.

  1. 1,0 1,1 Лакоба Станислав, Аԥсны аҭоурых, Аҟәа: Алашара, 1991.
  2. 2,0 2,1 2,2 2,3 Чачхал Денис, Аԥсҳацәа рыхроника, Москва, 2000.