Феодоси III
Феодоси III Блаҭыбла, иара убасгьы Аԥсҳа Чала[1] – Аԥсҳа (975-978).
Феодоси III Блаҭыбла | |
---|---|
Аԥсҳа Чала | |
Аԥсҳа | |
Амаҵураҭыԥ ахь: 975 – 978 | |
Ацаҳ | Баграт II |
Аԥхьа иҟаз | Дырмит III |
Аҭынха | Баграт II |
| |
| |
Аира |
? Аԥсуа Аҳраду |
Аԥсра |
~980 Ҭао-Қларџьеҭ |
Ани аби | аҳкәажәду Елена |
Абиографиа
аредакциазураФеодоси аԥсҳа Гьаргьи уи иԥшәмаԥҳәыси аҳкәажәду Еленаи рҭаацәараҿ[2]. Феодоси ихәыҷраан Бырзентәылахь дышьҭын, аҳра азыҳәан аиашьцәа ашьа карымҭәырц азы. 967 шықәсазы аԥсҳас дҟалоит иашьа Дырмит III. Абри аԥсҳа дызҭахымыз афеодалцәа аҳиԥа Феодоси иааиԥхьет. Ақырҭуа афеодалцәа рыцхыраара ала Феодоси иашьа еибашьрала аԥсҳа иҭыԥ ицәигарц ииҭахын. Аха иашьа аиааира игеит. Феодоси дшәаны Қарҭли ддәықәлеи[2].
Шықәсык ашьҭахь, Дырмит Мцхьеҭа, ауаа дуқәа рҿаԥхьа Феодоси ихақәиҭра иазкны ақәра ииҭеит. Иара дақәшаҳаҭын Феодоси иареи, рашьа Леуани иареи реиԥш, аҳра еицыруарц азы. Убас ала Дырмит иашьа Феодоси игәаҽанызаара ирҭынчит. Ари ахҭыс ашьҭахь иашьа Феодоси иаразнак илақәа ҭырблааит. Феодоси идгылаҩцәа ақәгыларақәа мҩаԥыргеит, аха Дырмит III ӷәӷәала, гәымбыџьбарала урҭ ақәгыларақәа ихәаҽит. 975 ашықәс азы аԥсҳа Дырмит дыԥсит. Феодоси идгылаҩцәа Аԥсуа аҳраду дахадыргылоит. Аха Аԥсҳа Чала, аԥсуаа ус ихьӡырҵон, аҳҭныуаа зықәгәыӷуаз агәыӷрақәа ирыимҭеит. Феодоси Блаҭыбла ихаан Аԥсуа аҳраду аилаҩынтра иалабгон. Қарҭлитәи аҳмадара Феодоси иаҳәшьа мчра бзиа збо – аҳкәажәду Гәырандыхәт лнапаҿы иаалгеит[2]. Феодоси имчымхара збоз аԥсуа аамсҭара, Гәырандыхәти дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит лыҷкәын-аҳиԥа, жәохә шықәса зхыҵуаз Баграт, Феодоси еицнапгаҩхарц азы[2]. Гәырандыхәт уи дақәшаҳаҭхоит, избанзар илдыруан Баграт иқәранамӡареи, лашьа Феодоси имчымхареи ирыхҟьаны, лара аҳраду арегент иаҳасабала Аԥсуа Аҳраду напхгара шалҭо. Лара лрегентраан қәгыларак ҟамлаӡеит, еибашьрак ҟамлаӡеит. Аамсҭара ари даара иргәаԥхон. Хышықәса, 975 инаркны 978 рҟынӡа, Гәырандыхәт Аԥсуа аҳраду напхгара азылуан регент иаҳасабла. 978 шықәсазы Аԥсуа аҳраду аҳҭнықалақь Қәҭешь аҟны, мамзаргьы еиҳа ииашаны иуҳәозар, аҳтә қыҭа Гегәыҭ аҟны, Баграт агәыргьын ихарҵеит[3]. «Баграт инаркны, иалагеит Багратидцәа Раҳраура Аԥсны аҟны». Феодоси иаҳратә мчра анҵәамҭазы, Баграт II иабшьа иахь Таикҟа дишьҭоит, абс иҟарҵаз, Амагистр Дауҭ ихылаԥшра аҵаҟа[3]. Анаҩс Феодоси иҳарҭа-сырҭа умбаӡо дыбжьаӡит.
Азгәаҭқәа
аредакциазура- ↑ Кәарҷиа В. Е., АУСУМҬАҚӘА РЕИЗГА, т. V АЕТНИКАТӘ ҬОУРЫХ, 2020.
- ↑ 2,0 2,1 2,2 2,3 Чачхал Денис, Аԥсҳацәа рыхроника, 2000.
- ↑ 3,0 3,1 Чачхал Денис, Аԥсуа аҳраду. Баграта II иаамҭа. 978-1014 шш., Москва: Аква-Абаза, 2019.