Гипперт, Иост
Иост Гипперт (агер. Jost Gippert; хәажәкырамза 12, 1956 ш., Винц-Нидервенигерн, уажәы Ҳаттинген, Германиа) - агерман лингвист.
Гипперт, Иост | |
---|---|
Jost Gippert | |
Аира |
хәажәкырамза 12, 1956 ш. (68 ш.) Хаттинген |
Атәылауаҩра | Германиа |
Алма-матер | Марбургский университет |
Аусура |
алингвист, преподаватель университета |
Аусураҭаҩцәа |
Свободный университет Берлина (1977 ш.–1982 ш.) Венский университет (1982 ш.–1984 ш.) Зальцбургский университет (1983 ш.–1984 ш.) Свободный университет Берлина (1984 ш.–1990 ш.) Бамбергский университет (1990 ш.–1993 ш.) Франкфуртский университет имени Иоганна Вольфганга Гёте (1994 ш.–2022 ш.) |
Абызшәақәа | анемец бызшәа |
Амаҵура | профессор |
Асаит | http://titus.uni-frankfurt.de/personal/gippertj.htm |
Абиографиа
аредакциазураИост Гипперт диит 1956 шықәса хәажәкыра 12 рзы Германтәылатәи ақалақь Винц Нидер Венигер аҟны. 1972-1974 шш. рзы аҵара иҵон Марбургтәи ауниверситет аҿы, 1974-1977 шш. рзы аҵара иҵон Берлинтәи зхы иақәиҭу ауниверситет аҿы, аиҿырԥшратә бызшәадырреи, аиапонологиеи, асинологиеи, аиндологиеи, иара убас аславистикеи, агерманистикеи аклассикатә филологиеи рхырхарҭала.[1] 1977 шықәсазы ихьчеит адиссертациа атемала: «Аинфиниттә конструкциақәа рсинтақсис аиндогермантә бызшәақәа рҿы». 1977 шықәса инаркны аус иуеит Берлинтәи зхы иақәиҭу ауниверситет аҿы. 1982-1983 шш. рзы Венатәи ауниверситет аҿы алекциақәа дрыԥхьон ақырҭуа бызшәеи, аҭохартә бызшәеи аиндогермантә бызшәақәеи рсинтақсис иазкны. 1983 шықәсазы аус иуан Австриа анаукақәа ракадемиа џьамтәылатәи акомиссиаҿ, алекциақәа дрыԥхьон Зальцбургтәи ауниверситет аҿы иҟоу аславистикеи аиҿырԥшратә абызшәадырреи ринститут аҿы. 1984 шықәсазы дхынҳәит Берлинтәи зхы иақәиҭу ауниверситет ашҟа, уа 1990 шықәсанӡа ассистент-профессорс аус иуан. 1990 шықәса инаркны Иост Гипперт аус иуеит Бамбергтәи ауниверситет аиранистика афакультет аҿы. 1991 шықәсазы ихьчеит аҩбатәи адиссертациа ашәамахьтәи аџьамтәи абызшәақәа рҟынтә (IranicaArmeno-Iberica) ақырҭшәа иалалаз алеқсика иазкны. 1994 шықәса инаркны напхгара азиуеит Франкфурттәи ауниверситет аҿы аиҿырԥшратә бызшәадырра аинститут. 2007 шықәса инаркны Гете ихьӡ зху Франкфурттәи ауниверситет дсенаторуп. Иост Гипперт 200 иреиҳаны хадара злоу аҵарадырратә усумҭақәа дравторуп.
Аинтересқәа
аредакциазураИост Гипперт аиҿырԥшратә бызшәадырра ҭиҵаауеит. Ҷыдала дрызҿлымҳауп абызшәатә гәыԥ ҷыдақәа. Уи акыршықәса рыҩнуҵҟа аԥҵара даҿын индоевропатәи абызшәақәа релектронтә тезаурус, абри ахкы анагӡаразы иаԥиҵахьеит иакымкәа абызшәақәа ртексттә дыррақәа рбаза. Иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа инаркны Иост Гипперт ҷыдала дрызҿлымҳауп кавказтәи абызшәақәа. Акыршықәса иҭиҵаауан ажәытәтәи, абжьарашәышықәсақәа раантәии, ҳаамҭазтәи ақырҭуа бызшәеи, ашәан бызшәеи, агыруа бызшәеи, алаз бызшәеи, аԥсуа бызшәеи, адыга бызшәеи, аҟабарда бызшәеи, ҵова-ҭуштәии, ачечен бызшәеи, аубла бызшәеи, ауар бызшәеи. Агерман бызшәахьы еиҭаганы азгәаҭақәа ациҵеит Георги Климов ишәҟәы «Кавказтәи абызшәадырра алагалажәа» (1993).
Хаҭалатәи аԥсҭазаара
аредакциазураИост Гипперт иԥҳәыс Сониа Гипперт-Фрицгьы дбызшәадырҩы-индологуп.