Цандрыԥшь

Аԥсны иҟоу ақалақь ҳабла
Цандрыҧшь» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)

Цандрыԥшь[1], Ганҭиади (аур. Цандры́пш, ақырҭ. განთიადი) — Аԥсны ақалақь ҳабла.

Ақалақь ҳабла
Цандрыԥшь
Атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра (5)
Қырҭтәыла (188)
Акоординатқәа 43°22′48″ ҩ. ҭ., 40°4′54″ мг. н.
Аофициалтә бызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Аурыс бызшәа
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 4 963 ҩык
Асааҭтә зона UTC+3:00
Аԥошьҭатә анҵарба 6729
Карта

Агеографиа аредакциазура

Цандрыԥшь аҳәаақәа: аҩада — ақыҭақәа Маҳадыр, Ҳашԥсы, амрагыларахь — Ҳашԥсы аӡиас, алада — амшын, амраҭашәарахьАмзара.

Адемографиа аредакциазура

Ашəҟəынҵара
ашықәс
Ауааԥсыра Ахаҵа Аԥҳәыс
1989[2] 7 358 -- --
2011[3] 5 170 -- --

Аетимологиа аредакциазура

Агенуезцәа рхан ари аҭыԥ Абкасиа/Абкациа ҳәа иашьҭан. Италиатәи аныҟәаҩ Емидо де Асколи (1634 шықәсазы) излаиҳәо ала, ара «Абаза» захьӡыз абаӷәаза ыҟан. Егьорҭ аҩрақәа рҿы иахьа иахдыруа ахьӡ Цандрыԥшь/Сандрыԥшь ауп иарбоу. Аԥсны аурысқәа рнапаҿы ианаарга, амҳаџьырра ашьҭахь Цандрыԥшь «Пиленко, Пиленково» ахьӡырҵеит, аурыс генерал Пиленко иаҳаҭыраз, нас Цандрыԥшь иаҵанакуаз адгьылқәа ршеит «Пиленково-1», «Пиленково-2», «Пиленково-3», «Пиленково-4», «Пиленково-5» ҳәа. 1948 шықәсазы ақырҭқәа Пиленково «Гантиади» ахьӡырҵеит. 1992 шықәсазы ажәытә хьӡы Цандрыԥшь шьақәыргылан.

  1. Абаза — уаҳәаԥш Цандрыԥшь;
  2. Абкасиа || Абкациа — уаҳәаԥш Цандрыԥшь;
  3. Гантиади — уаҳәаԥш Цандрыԥшь;
  4. Пиленко || Пиленково — уаҳәаԥш Цандрыԥшь.

Ахьарԥшқәа аредакциазура

  1. Кәарҷиа В. Е., «Аԥсны атопонимика», Аԥсны анаукақәа ракадемиа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, ад. 176, Аҟәа, 2002
  2. Abkhazia - All Places: 1989 census
  3. Abkhazia - Ethnic composition, all communes: 2011 census