Баслакәа IАԥсуа аҳра аԥшьбатәи аҳ (1520-1580)[1].

Баслакәа I
Аԥсуа аҳра аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1520 – 1580
Аԥхьа иҟаз Арзаҟан I
Аҭынха Ҟара-беи


Аира ?
Аԥсуа аҳра
Аԥсра 1580
Аԥсуа аҳра
Ани аби Арзаҟан I
Ахәыҷқәа Ҟара-беи, Ԥуҭо

Абиографиа

аредакциазура

Баслакәа Чачба диит аҳ Арзаҟан иҭаацәараҿы. 1520 шықәсазы, иаб иԥсра ашьҭахь Аԥсуа аҳра дахагылеит[1]. 1533 шықәсазы агыруа аҳ Мамиа II Адиан Аԥсуа аҳра ахәҭак, Саӡны дақәлеит[1][2]. Зегь реиҳа ихьшәашәаз аӡынразы, ажьырныҳәамза 30 амш аҽны Аԥсны агаҿахь иӡхыҵит[2]. Аԥсуаа ргәы иаанагомызт аӡын азы аӷа амшын аганахьала дрықәлоит ҳәа, уимоу, абас хыԥхьаӡара рацәала[2].

Агыруа аҳ Адиан, Гәриа аҳи иареи еидгыланы, зықәра наӡахьаз иԥацәа иманы, инапаҵаҟа иҟаз аҭауадцәеи аамсҭацәеи, апапцәеи аҷҟәандарцәеи иманы Арыҭқыҭахь (иахь. Адлер) иӡхыҵит. Аибашьра раԥхьатәи амш ақәылаҩцәа рзы иманшәалан. Аха аҩбатәи амш аҽны, уи ахәаша аныҟала, аԥсуаа аибашьра амҩа аадырҳәит. Уи иахҟьаны, Гыртәыла аҳ Мамиа Адиан ахьҭаҿы дҟьантазны дшьны, ихылаԥшыҩцәа рҿаԥхьа[2].

Гәыриели иашьцәа рыхҩыки иареи рымаҭәақәа ршәырхын, иԥҟаны иршьит. Убасҵәҟьа ирыхьит ари ақәылара зықәныҳәаз аҷҟәандарцәагьы. Аибашьцәа рыр дырбгеит, еиҳаракгьы ықәххеит. Аԥсуа ауахәама аиҳабы Акалҭакос Малакиа I (1519-1540) аиааира ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы днеит, «ԥсы зхоу еиқәирхеит, иԥсыз ԥарала иааихәеит» ҳәа аҳәоит ақырҭуа ашықәснҵыра[2].

Баслакәа ҩыџьа аԥацәа иман Ҟара-беии Ԥуҭеи (Ԥуҭо). 1580 шықәсазы аҳ Баслакәа иԥсҭазаара далҵоит[1]. Иԥацәа рымчра аамҭан Аԥсны ҩбаны ишоит.

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Ауниверсал, 2007.
  2. 2,0 2,1 2,2 2,3 2,4 Чачхал Д., Саӡтәи аизга, Москва: Аква-Абаза, 2012.