Чачба, Ԥуҭо
Ԥуҭо, иара убасгьы Ԥуҭу Чачба — Аладатәи Аԥсны аҳ, Аԥсны иҟаз Иуана Лука излеиҳәоз ала.[1]
Ԥуҭо Чачба | |
---|---|
Аладатәи Аԥсны Аҳ | |
Амаҵураҭыԥ ахь: 1600 – 1630 | |
Аԥхьа иҟаз | Баслакәа I |
Аҭынха |
Салуман II, Баслакәа II, Саҭеман I |
| |
| |
Аира |
? Аԥсуа Аҳра |
Аԥсра |
1630 Аԥсуа Аҳра |
Аԥҳәыс | Шьахьынџьан-ҳаным |
Ани аби | Баслакәа I |
Ахәыҷқәа | Салуман, Баслакәа, Саҭеман, Биҭу. |
Аҳра аура
аредакциазура1580 шықәсазы иаб аҳ Баслакәа I дыԥсит. Аҳс дҟалеит иԥеиҳаб Ҟара-беи. Уи ашьҭахь Аԥсуа ҳәынҭқарра еиҩшан Аҩадатәи Аԥсни Аладатәи Аԥсни ҳәа. Аладатәи Аԥсныҟны, 1600 шықәсазы аҳс дҟалеит Ԥуҭо Чачба. Ԥҳәысс дигеит азыхәтә аҳкәажә Шьахьынџьан Алқас-иԥҳа Џьилиахсҭанова. 1611 ш. Агыртәылаҿы аҳс дҟалоит Леуан II Адиан. Аԥсныи Агыртәылеи реилазаашьа бзиахарц иҭахын. Уи азыҳәан 1613 шықәсазы ԥҳәысс дааигот Ԥуҭо Чачба имоҭа, Ҭанури. Ашьҭахь Леуан Ҭанури лахь агәеицәыхьшәашәахара аирԥшо далагеит. Леуан игәы дҭан Несҭан-Дереџьан, (Дереџьан, Леиуан иабшьа иԥҳәыс) уи ԥҳәысс дигарц иҭахын. Аха Ҭанури иареи елыҵракәын. Иҟаиҵазеи Леуан? Гәаанагарак ала дыишьит, даҽа гәаанагара ала лԥынҵеи ллымҳақәеи хырҵәеит, анаҩс ахьаа лзымчҳақәа дыԥсит[2].
Аԥсра
аредакциазураЛеуан еиликаауан Ԥуто ари аниаҳалак, Агыртәыла дшақәло. Уи азыҳәан Леуан раԥхьа Аԥсны дақәлоит. Ԥуто ирр инаамҭаз изеидимкылаӡеит, абрагь иаҳасабла ашьхарахь дымдәықәлар ԥсыхәа ҟамлеит. Ҩышықәса рышьҭахь, 1630 шықәсазы Ԥуҭо абрагьраан дыԥсоит. Абас иалагеит аибашьрақәа, аҭоурых аҿы иаанхаз «Ҩажәижәабашықәсатәи аибашьра» -ҳәа. Иԥсра ашьҭахь Аԥсны иахагылоит Ԥуҭо иԥацәа.
Аҭаацәазаара
аредакциазураԤуҭо Чачба ԥҳәысс дигеит азыхәтә аҳкәажә - Шьахьынџьан Алхас-иԥҳа Џьилиахстанова. Шахьынџьан илыхшоит ԥшьҩык ахәыҷқәа:
Азгәаҭақәа
аредакциазура- ↑ Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, I аҭыжьра, Қарҭ: Универсал, 2007. — ад. 36, ISBN 978-99928-0-964-8.
- ↑ Кәакәасқьыр Ирина, Аԥсны аҭоурых, Аҟәа, 2010. — ад. 104-105.