Саҭеман ЧачбаАԥсны аҳцәа руаӡәк (1630-1650)[1].

Саҭеман Чачба
Аԥсҳа
Амаҵураҭыԥ ахь:
1630 – 1650
Ацаҳ Салуман II,
Баслакәа II
Аҭынха Гьаргь I


Аира ?
Аԥсны
Аԥсра 1650
Аԥсны
Ани аби Ԥуҭо Чачба
Шьахьынџьан-ҳаным

Абиографиа

аредакциазура

Саҭеман диит Аладатәи Аԥсны аҳ Ԥуҭо Чачбеи иԥшәмаԥҳәыс Шьахьынџьани рҭаацәараҿы[1]. 1613 ашықәсазы. Ԥуҭо иԥшәгарала, Саҭеман иԥҳа Ҭанури (Дераџьан), Агыртәыла аҳ Леуан Адиан диҳәит[1]. 1628 ашықәс азы Леуан Ҭанури дишьуеит, уи ашьҭахь Ҩажәижәабашықәсатәи аибашьра алагоит[2]. 1630 ашықәс азы Ԥуҭо ихы хырҵәоит. Уи ашьҭахь Саҭеман иашьцәеи иареи еидгылоит. Урҭ рыла иалагоит х-мчрак — Ԥсҳак иакәымкәа, хҩык Аԥсҳацәа анапхгара ҟазҵо: Салуман II, Баслакәа II, иара Саҭеман ихаҭа. Иара ихаан Италиатәи амиссионер Қристофор де Кастелли Аԥсуа Аҳра даҭааит, егьырҭ ауаа реиԥш. 1650 ашықәсазы Саҭеман иԥсҭазаара далҵит, иԥа Гьаргь диҭынхеит[1].

Аҭаацәазаара

аредакциазура

Саҭеман иҭаацәараҿ иит:

  • Гьаргь (?-1670) – Аҩадатәи Аԥсны аҳ (1650-1670) шш.[1]
  • Зегнаҟ (?-1700) – Аҩадатәи Аԥсны аҳ (1670-1680), Аԥсҳа иаҳасабла (1680-1700).[1]
  • Ҭанури (?-1628) – аҳԥҳа, Агыртәылатәи аҳ Леуан иԥҳәыс (1613-1628).[1][2]

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 1,4 1,5 1,6 Чиковани Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра = Род Абхазских князей Шервашидзе, Қарҭ: Универсал, 2007. — ад. 36.
  2. 2,0 2,1 Кәакәасқьыр Ирина, Аԥсны аҭоурых 5-9 = История Абхазии 5-9, Аҟәа, 2010.