Ҳаџьымба, Рауль Џьумка-иԥа

Ҳаџьымба, Рауль Џьумка-иҧа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)

Рауль Џьумка-иԥа Ҳаџьымба (хәажәкырамза 211958 ш., Тҟәарчал, Аԥсны) — Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада.

Ҳаџьымба, Рауль Џьумка-иԥа
Рауль Џьумка-иҧа Ҳаџьымба

Аполитикатә партиа
Алахәылара Форум народного единства Абхазии

Аира хәажәкырамза 21, 1958 ш. (66 ш.)
Тҟәарчал
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Аԥсны Аҳәынҭқарра,
Қырҭтәыла
Алма-матер Абхазский государственный университет
Аусура аполитик
Адин православие
Анашьамҭақәа орден Леона
орден «За заслуги»
орден Дружбы

Абиографиа

Диит хәажәкырамза 21, 1958 шықәса рзы, Тҟәарчал ақалақь; 1975 шықәсазы далгеит Тҟәарчалтәи ахабатәи абжьаратә ашкол; 1976-1978 шш. Асовет ар ахаҭақәа рҿы аррамҵзура дахысуан; 1984 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, азиндырратә факультет; 1986 шықәсазы аҵара иҵон Минсктәи СССР аҳәынҭқарратә шәарҭадара аилак ашкол аҟны; 1986-1992 шш. Тҟәарчал ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵура аусзуҩыс дыҟан; 1992-1993 шш. Мрагыларатәи афронт аԥшыхәреи аконтрԥшыхареи рнаԥхгаҩыс дыҟан; 1993-1995 шш. аус иуан Аԥсны аҳәынҭқарра шәарҭадаратә маҵзура аусбарҭвқәа рҿы; 1996-1999 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿы аконтрабанда аҿагыларазы аҟәша аиҳабыс, Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 1999-2003 шш. Аԥсны аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура ахантаҩыс, атәылахьчара аминистрс, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 2003-2004 шш. Аԥсны аԥыза-министрс дыҟан; 2005-2009 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан; 2009-2015 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра-политикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩыс дыҟан; 2012 ш. Аԥсны Жәлар реизара адепутатс далхын; 2014 ш. инаркны Аԥсны Ахәынҭқарра Ахадас дыҟоуп; Аинрал-маиоруп, «Леон иорден» ианашьоуп; Дҭаарацәоуп, ҩыџьа ахшара драбуп.

Алитература

Азхьарԥшқәа

Азгәаҭақәа

Аԥхьа иҟаз:
Александр Золотинска-иԥа Анқәаб
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада
цәыббрамза 262011 ш. — ажьырныҳәамза 122020 ш.
Аҭынха:
Аслан Георги-иԥа Бжьаниа