Аҳкәажәду Гәырандыхәт — Қарҭли аҳмада (аҳкәажәду) (975-982), Аԥсуа аҳраду арегент (975-978).

Аҳкәажәду Гәырандыхәт
Қарҭли аҳкәажәду
Қарҭли аҳкәажәду
Амаҵураҭыԥ ахь:
975 – 982
Ацаҳ Гәыргьен Қырҭтәи
Аԥхьа иҟаз Леуан III
Аԥсуа аҳраду арегент
Амаҵураҭыԥ ахь:
975 – 978


Аира ?
Қәҭешь, Аԥсуа аҳраду
Аԥсра 1000
Аԥсуа аҳраду
Аԥсыжра аҭыԥ Агәы-Бедиатәи аныхабааш
Ахаҵа Гәыргьен Қырҭтәи
Ани аби

аԥсҳа Гьаргь II

аҳкәажәду Елена
Ахәыҷқәа Баграт II

Аԥсҭазаара

аредакциазура

Аҳкәажәду Гәырандыхәт диит аԥсҳа Гьаргьи II иԥшәмаԥҳәыси аҳкәажәдуи Еленеи рҭаацәараҿы. Гәырандыхәт диит арацәа ҭаацәараҿы, 4-ҩык иашьцәеи 2-ҩык иаҳәшьцәеи лыман. Урҭ рахьтә лашьцәа хҩык (Леуан III, Дырмит III, Феодоси III) Аԥсҳара рылшеит. 933 ш. лаб Гьаргь II иԥеиҳабы, ақәгылара ҟазҵаз аҳиԥа Константин дишьит. 957 шықәсазы лаб Гьаргь II иҭахын Кахьеҭ дақәларц. Аха ичымазара иахҟьаны, ар напхгара рзиуан иҷкәын, Қарҭли аҳма-да, аҳиԥа Леуан. Кахеҭ даннеи, Леуан еиликааит ажәабжь лахьеиқәҵага, иаб «Аԥсҳа Дуӡӡеи Анцәабзиабаҩи» Гьаргь дышԥсыз. Кахеҭ аҳ Ҳорепископ Квирке II иареи аиқәшаҳаҭра рыбжь-арҵарц акәын, ашьҭахь иаарласны Аԥсныҟа дхынҳәит. Аԥсны данааи, аҳра ауразы агәыргьын-хаҵара мҩаԥиргеит, Аԥсҳа Леуан III иакәны дҟалеит.

959 шықәсазы Гәырандыхәт ԥҳәысс дигоит Таик аҳ - Гәыргьен Багратион. 960 шықәсазы диит лԥа – аҳиԥа Баграт. Лашьа Леуан ихаан, Гәырандыхәт Џьавахьеҭ ампыҵахалараҿы амаҵ луан, ари атәылаҿацә аҿы Звиад Марышь-иԥа аҳмадас иҟаҵараҿы лхы алалырхәит, уи иҭынха гәакьа Иуан (Иване) Марышьи ԥыҭрак ашьҭахь лԥа аҳиԥа Баграт иалагалара дашьҭан амчрахь.

967 шықәсазы лашьа, Аԥсҳа Леуан иԥсҭазаара далҵоит. Аԥсҳас дҟалоит лашьа – Дырмит III. 968 ш. Дырмит ихьыԥшцәа адҵа риҭоит, иашьа еиҵбы – Феодоси дыркырц. Феодоси, Гәықыҭҟа, Аԥсҳа иахь данаарга, Дырмит иԥсҳара ашәарҭадеитәарц азы, адҵа риҭеит, иашьа еиҵбы Феодоси иблақәа ҭырблаарц.

Аԥсуа аамсҭара ари даара иргәамԥхеит. 7 шықәса рышьҭахь, хшара имамкәа дыԥсит Дырмит. Аԥсҳас дҟалоит Феодоси III Чала. 975 шықәсазы Қарҭли аԥшәмацәа, ишаԥу еиԥш, дырҩегьых аичарчаҩрақәа рыҟаҵара иалагеит, уимоу, Уԥлис-Цыхь, аԥсҳацәа раҳҭынра, иақәлеит. Ари абааш акәша-мыкәша иҟаз атәылақәа рыбжьара еицырдыруан, даараӡа иахьчоз, уаҩы дызҭамлоз ҳәа. Аха агьангьашцәа ақырҭцәа Накурдеви Сабоҭари рҟынтәи қахцәа раамсҭашәара ԥыҭҩык ачарҳәарахь ргәазҭарҵеит, Уԥлис-Цыхь ақәгылаҩцәа ирырҭеит, убри аамҭазгьы рыдгьылқәа рҟынтәи арратә агәыԥ ааӡеит. Абри ацәгьаршра иахҟьаны, Қарҭли Аҳәынҭқарԥҳәыси Гәырандыхәти, уи лхаҵа Гәыргьени, урҭ рыҷкәын – аҳиԥеи Баграти итҟәаны Кахеҭҟа иахыргеит. Уԥлис-Цыхь иҟалаз ақәгылара атәы Амагистр Дауҭ адырра шрырҭазҵәҟьа, иаразнак ируаа зегьы еизганы, аҩадатәи ахырхарҭахь иҿынеихеит. Аҳәынҭқар Самцхе днеины, Триалеҭ иҭыԥ иқәиргылеит, Кахьеҭ ақәлара иҽазыҟаиҵон, ақарҭцәеи каҳақәеи иаразнак рмиџьлисуаа Дауҭ иахь идәықәырҵеит аиқәшаҳаҭразы. Қарҭли аҳәынҭқарԥҳәыси Гәырандыхәти, уи лхаҵа Гәыргени, урҭ рыҷкәын аҳиԥа Баграти иоушьҭны, Уԥлис-Цыхьеи, Қарҭли ахаҭагьы рырхынҳәразы ажәа ирҭеит. Иара убри аамҭазгьы Кахеҭ ашәарҭадаразы акыр зҵазкуаз Қсани аиҩхааҿы иҟаз Ҵыркәалеи Груи абаахырӷәӷәарҭақәа аҩбагьы аҿагылаҩцәа рышьҭахьҟа иаанрыжьит.

Гәырандыхәт лрегентра.

аредакциазура
 
Агәы-Бедиатәи аныхабааш, 10 ашә. аргыламҭа.

Феодоси имчымхара збоз аԥсуа аамсҭашәара, Гәырандыхәти дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит, лыҷкәын, аҳиԥа, жәохә шықәса зхыҵуаз Баграт, Феодоси дицҳәынҭқархарц азы. Гәырандыхәт уи дақәшаҳаҭхоит, избанзар илдыруан Баграт иқәранамӡареи, лашьа Феодоси имчымхареи ирыхҟьаны, лара Аҳәынҭқарра арегент иаҳасабала Аԥсуа Аҳраду напхгара шалҭо. Лара лрегентраан қәгыларак ҟамлаӡеит, еибашьрак ҟамлаӡеит. Аамсҭара ари даара иргәаԥхон. Хышықәса, 975 инаркны 978 рҟынӡа, Гәырандыхәт Аԥсуа Аҳраду напхгара азылуан регент иаҳасабла.

Лԥа Баграт иԥсҳара.

аредакциазура

Баграти Аԥснытәи иабшьа лашәи реицаҳра ашьҭахь, имҩаԥысит агәыргьынахаҵаратә ныҳәа. Ари ҟалеит 978 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Қәҭешь аҟны, мамзаргьы еиҳа ииашаны иуҳәозар, аҳтә қыҭа Гәықыҭ аҟны. «Баграт инаркны, иалагеит Багратидцәа Раҳра аура Аԥсны аҟны. Егьырҭ Аԥсҳатә ҭаацәара аҳра руан 199 шықәса». Аԥсуа уаажәларра, еибашьуаз аганқәа рыцәгьаршрақәеи рыгәымбылџьбарарақәеи ргәы ԥнажәахьан, Баграт II дырҭахын, избанзар икандидатура дара рзыҳәан еиҳа иманшәалын. Феодоси иҳәынҭқарратә мчра анҵәамҭазы, Баграт II иабшьа иахь Таикҟа дишьҭоит, абс иҟарҵаз, Амагистр Дауҭ ихылаԥшра аҵаҟа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы аҳ иӡбеит ақарҭцәа рҳәатәхамҵара аҵыхәтәа аԥҵара, урҭ рхатә ԥҟарақәа рыла инхон, аҳәынҭқарԥҳәыс Гәырандыхәт лҳәатәы иамӡырҩуа уҳәар алшоит. Аԥсҳа ари аҭагылазаашьа ибзианы идыруан. Баграт II Қарҭли далалеит, уи Ҭыгәа аҭыԥаҿы даанкылеит. Аԥсҳа хырԥашьа змам иаара рҽазыҟарҵо, Қарҭли аамсҭашәара напхгаҩыс далырхит - аамсҭа Ҟавҭар Ҵбели, иагьаҿагыларц рыӡбеит. Аӡиас Могриси ааигәара рымчқәа еизганы аибашьра рҽазыҟарҵеит. Аԥсҳа Баграт ирр ҿааиҭит, иеибашьцәа аӷа иҿалеит, аибашьрагьы иалагеит. Дук мырҵыкәа ақырҭцәа ҵысит, ибналеит. Аԥсуаа, аӷа данишьҭалаз, ирацәаҩны иҭахеит, ԥыҭ-ҩык итҟәаны иргеит. Аҩныҵҟатәи Қарҭли аамсҭашәара рҿаԥхьа аиааира ганы, Баграт Уԥлис-Цыхьынӡ днаӡеит, мышқәак уа дыҟан. Ахара зду, рыгәрагара иақәымшәоз иқәицеит, урҭ рҭыԥан ишьақәиргылеит зыҽзырҵабыргуаз, иҟәышыз ахылаԥшыҩцәеи зыгәра угартә иҟаз аҳҭынрауааи.

 
Аҳкәажәду Гәырандыхәт лԥа ― Аԥсҳа Баграт II

Гәырандыхәт лполитикатә хҵәара.

аредакциазура

Уи аамҭа иалагӡаны Баграти Гәырандыхәти еицәҳаит. Реимак мацара акәымкәа, иҟалап, ацәгьаршра аҽазыҟаҵараҿы гәҩарас иҟаиҵахьазҭгьы, уимоу, ицәыригазҭгьы. Ус анакәха, аҳкәажә Уԥлис-Цыхьынтә Қәҭеҭшьҟа лыхынҳәра амчра лымхра, ашьауӷа, ажәакала, аполитикатә хҵәара акәзар алшон. Баграт Гәырандыхәт диԥхьагыланы Уԥлис-Цыхьтәи абаа дынҭганы, Лыхтәи ахыҵырҭа днықәсны, Аԥсны аҳҭнықалақь ахықәан иҟаз Гегәыҭтәи иаҳҭынраҿы днаӡеит. Аха Аԥсҳа иан Гегәыҭ даанмыжькәа, харатәи атәылаҿацә ахь (Бедиа) дишьҭит.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа

аредакциазура

Бедиатәи атәылаҿацә аҿы лара ауахәама аргылашьа дацклаԥшуан. Гәырандыхәт 988-999 шш. раан ахҵәара дыҟан. 999 шықәсазы Гәырандыхәт лԥеи лареи еинаалаеит, уи азы Бедиатәи аныхабаа Ахьтәы асандыҟәра ҳамҭас иарҭеит. 1002 шықәсанӡа Аҳкәажә Гәырандыхәт лыԥсҭазаара далҵит, дамадоуп Бедиатәи Аныхабаа аҩныҵҟа.