Чачба, Гьаргәал (Абжьыуатәи)

Гьаргәал Чачба (1819, Кәтол ақыҭан – жәабранмза 21898 ш.) — Абжьыуатәи Аԥсны анапхгаҩы.

Гьаргәал Чачба
Абжьыуатәи Агьежьыра анапхгаҩы
Амаҵураҭыԥ ахь:
1858 – 1864
Аԥхьа иҟаз Кьасариа Адиан
Аҭынха Агьежьыра иаԥыхуп


Аира 1819
Кәтол, Абжьыуатәи Агьежьыра
Аԥсра жәабранмза 21898 ш.
Аԥҳәыс Агата Адиан
Ани аби аҳкәажә Кьасариа Адиан
аҭауад Алықьсандр Чачба

Гьаргәал диит 1819 шықәсазы Кәҭол, Абжь.Агь. анапхгаҩы – аҭауад Алықьсандр Чачбеи аҳкәажә Кьсариа Адиани рҭаацәараҿы[1]. Гьаргәал Алықьсандр иԥеиҳабы иакәын, Абжь.Агь. ҭынхасгьы даман.

1847 шықәсазы Гьаргәал изкны Селезнев абасала дихцәажәоит:

«Хәышықәса зхыҵуаз асаби Гьаргәал даҳдыруаз, уажәы 16 шықәса раҟара ихыҵуан, дҳаракын, даараӡа дгәыбылҩын, иқәыԥшра ахьҟьаны ацәажәара деилаҳауан."[2]

1848 ашықәс азы Гьаргәал иаб дыԥсит[1]. Формала Гьаргәал Абжь.Агь. напхгаҩыс дҟалар акәын. Аха иан Кьасариа анапхгара лнапаҿы ианылкылеит. Иара убас урҭ 10 шықәса зиашарала напхгара луан. 1858 ашықәс азы Кьасариа амчра мап ацәылкит Гьаргәал дидгыланы[3].

Иҽеим ахымҩаԥгара

аредакциазура

Гьаргәал идҳәалоу хҭыск иҟоуп. Аԥсҳа Михаил иԥҳа (абраҟа Анна ма Елена Чачԥҳа лакәзар ҟалап зыӡбахә иҳәоу) Гьаргәал Чачба иҟынтә деимгәадухеит, уи иҟаиҵаз ацәгьоура ашьҭақәа иҵәахырц азыҳәан, иишьыз ашҳам лиҭеит. Убасҟан аӡӷаб лабаӡӡеи, аамсҭа Амаан Ҳасан, асаӡқәа ргәыԥ ӷәӷәа дахагыланы, Гьаргәал имазарақәа (Ҭамшьи Аҭареи) ирбгеит, нас ҩынҩажәа мшы лнышәынҭра дадҵомызт, Мықәтәи абеирҭыԥаҿ иааз.[4]

1845 шықәса, ԥхынгәы 9 азы Гьаргәал Чачба ԥҳәысс дигеит иҭынха — Агата Адиан. Ари аибагараҿ иит:[1]

  • Иуа Гьаргәал-иԥа (09/01/1847-1906) – Урыстәылатәи арр афицар.
  • Кьасариа Гьаргәал-иԥҳа (1849-01/15/1906) – аҳкәажә.
  • Алықьсандра Гьаргәал-иԥҳа (1852-?) – аҳкәажә.
  • Анна Гьаргәал-иԥҳа (1855-06/10/1913) – аҳкәажә.
  • Константин (Кац) Гьаргәал-иԥа (10/22/1858-10/15/1914) – аполковник.
  • Софиа (Абгьанаш, Сонико) (10/22/1858-?) - аҳкәажә.
  • Алықьсандр Гьаргәал-иԥа (07.10.1860-1932) – Аҟәа ақалақь ахада.
  • Салам (Чыч) Гьаргәал-иԥҳа (1864-1943) – аҳкәажә.

Аҭауад абжьыуатәи Гь. Чачба иԥҳа – Салам ҳәа хьӡыс змаз, Кәыҵниаа рҭаацәара ҟәшак - Барақь (Аҭара ақыҭа) иԥацәа драаӡеит. Абри аинформатор излеиҳәо ала, нхаҩык имамызт аԥшәма иҩны ахаҭарнакцәа, иааизакны Чачба ижәла рхаҭарнакцәа рааӡара, аха Кәыҵниаа уи аҩыза азин аиуразы аҳәара рылшеит. Салам хаҭала драаӡеит Хакәыцәи Кәыҵниеи уи иашьцәа Хәыҭыжәи Кәыкәи. Хакәыцә ихаҭагьы дуаҩ бзиан, иаԥсоу аҳамҭақәа ҟаиҵон, азеиԥш ҳәаақәа ирҭагӡаны аҭауад иҿаԥхьа иԥҳәыси иҭацацәеи дрыцны дахьнеиуаз азы, аӡӷаб дрырҭеит. Ҳакәыцә иԥҳәыси иашьцәа ҩыџьа рыҳәсақәеи деицырааӡеит.[4]

Азхьарԥшқәа

аредакциазура

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,0 1,1 1,2 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
  2. Селезнев М., Кавказ аҭҵааразы, Москва, 1847.
  3. Серена Карла, Аԥсны акәша-мыкәша аныҟәара, Москва: Абаза, 1999.
  4. 4,0 4,1 Инал-иԥа Шалуа, I ахы // Аԥсуаа реибагара-рҭаацәаратә, рсоциалтә еизыҟазаашьақәа ретнографиа., Аҟәа: Акьыԥхь аҩны, 2016.