Чачба, Алықьсандр (Алы-беи)

Алықьсандр Чачба ма Алы-беи ЧачбаАбжьыуатәи Агьежьыра анапхгаҩы[1].

Алықьсандр Чачба
Алы-беи Чачба
Абжьыуатәи Агьежьыра анапхгаҩы
Амаҵураҭыԥ ахь:
? – 1848
Аԥхьа иҟаз Беқьыр-беи Чачба
Аҭынха Кьасариа Чачба


Аира ?
Тамшь, Абжьыуатәи Агьежьыра
Аԥсра 1848
Аԥсыжра аҭыԥ Кәтол, Абжьыуатәи Агьежьыра
Аԥҳәыс Кьасариа Адиан
Ани аби Идырым Ачԥҳа
Беқьыр-беи Чачба

Алықьсандр ма Алы-беи диит Абжьыуатәи Агьежьыра анапхгаҩы уи иԥшәмаԥҳәыси аҳкәажә Ачԥхаеи рҭаацәараҿы[1]. Дшыхәыҷыз, Аԥсны азакәанқәа рыла, Тамшьҟа ддәықәырҵеит ааӡара, уаҟа Алы-беи драаӡеит аамсҭацәа Дауҭи Ҭемрыҟәи Цыцбаа (ари зеижәтәи ашәышықәса алагамҭазы акәын). Амала, лгәыҳәԥыла акриҿалҵон Гадлиаа рыжәла иаҵанакуаз ԥҳәыск, уи азыҳәан мацара иаҭахыз аамҭала зыӡбахә ҳәоу ааӡаҩцәа рыҩнаҭаҿы дынхон. «Анаӡӡеи» официалла Цыцбаа иԥҳәысс дыԥхьаӡан, егьи ҵакыла анаӡӡеи лакәын, ҳәарада, ԥыҭрак хшыҩзышьҭреи аҳаҭыри шлымазгьы, аха, ҳәарада, акырӡа еиҵан актәи лаасҭа.[2] Иаб данԥсы ашьҭахь Абжь.Агь. дахагылеит.

Алы-беи раԥхьа Қьалышь-беи, нас иҷкәын Аслан-беи раҳраура дадгылеит. 1812, 1813, 1821 шықәсазы Аслан гәык-ԥсык ала дидгылеит, аха уи ашьҭахьгьы аурысцәа рган ахь дцарц агәра диргеит. 20-тәи ашықәсқәа рышьҭахь, уи Урыстәыла дадгылан[3]. Ахаҭа Абжьыуатәи Аԥсны аҿгьы анырра ду иман, аха есы-шықәса имчра ԥсыҽхон[1]. Иара иҳәарала идгьылқәа рҟны аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵон. Ҿырԥштәыс иаагозар, Леуан Адиан Аԥсныҟа ишьҭит игәрагацәа аҭауадцәа Манча Чқотуаи Ҭлабс Амаанеи Аԥсны иахьатәи аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иара убас аԥсуааи Ҵабалтәи аҭауадцәеи Урыстәылаҟа ирымоу азнеишьа, ргәы иҭоу аилкааразы. Ишьақәырӷәӷәан, Аԥснынтәи ихынҳәыз аҭауадацәа ирыладырҵәеит «аԥсуа аҭауадацәа аҳәынҭқарра иҟанаҵо агәыбылра ду рхы иадырхәарц рҭахуп», насгьы Гәыԥ ақыҭа «анажьра ашьақәырӷәӷәаразы» аара азы азин рҭахын, аҭауад Алы-беи Чачба иитәыз, уахь инеиуеит ҳәа ажәа ахьырҭаз, ҵабалтәи аҭауадацәа[3].

1817 шықәсазы ԥҳәысс дигоит Никәа Ду иԥҳа - аҳкәажә Кьасариа Адиан. Ари аибагараҿы ииуеит[1]:

  • Гьыргәал (1819-02.02.1898) - Абжь.Агь. анапхгаҩы (1858-1864).
  • Елизавета (Есма-ҳаным) (1821-1858) - Баҭал-беи Амаршьан иԥҳәыс.
  • Русудан (Адылҳан) (1828-01.09.1866) - Кәасҭ Дадышь иԥҳәыс.
  • Марҭа (Кәакәала) (1830-1858) - Маҳмеҭ-гиреи Амаршьан иԥҳәыс.
  • Леуан (Мажара) (1832-.26.01.1870) - аҭырқәафил.
  • Никәала (Гыд) (1833-1884) - аҭауад.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа

аредакциазура

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы дычмазыҩхеит, избанзар абжьыуаа есқьынагь Кәтол дырбгон, Алықьсандр ихан ирблон. Аиҭашьақәыргылаан Алықьсандр дычмазыҩхеит, уи ашьҭахь, 1848 ш. дыԥсуеит иԥацәеи иԥҳацәеи, насгьы бзиа иибоз Кьасариеи иааикәыршаны[4]. Агьежьыра даҭынхоит иԥҳәыс - аҳкәажә Кьасариа[4].

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,0 1,1 1,2 1,3 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
  2. Инал-иԥа Шалуа, Аԥсуаа реибагара-рҭаацәаратә, рсоциалтә еизыҟазаашьақәа ретнографиа., Аҟәа: Акьыԥхь аҩны, 2016.
  3. 3,0 3,1 Гәыма Михаил, Аԥсуа аҳра 19-тәи ашәышықәса 20-50-тәи ашықәсқәа рзы., Аҟәа: Акьыпхь аҩны, 2007.
  4. 4,0 4,1 Серена Карла, Аԥсны акәша-мыкәша аныҟәара, Москва: Абаза, 1999.