Адиан-ԥҳа, Кьасариа Никәала-иԥҳа

Кьасариа Чачба-Адиан (1803, Жәыргьыҭ1862, Кәтол) — Абжьыуатәи Агьежьыра анапхгаҩы, Алықьсандр (Алы-беи) иԥшәмаԥҳәыс, ԥхьаҟатәи Абжьыуатәи Агьежьыра анапхгаҩы Гьаргәал иан.

Кьасариа Адиан
Кьасариа Чачба
Абжьыуатәи Агьежьыра анапхгаҩы
Амаҵураҭыԥ ахь:
1848 – 1858
Аԥхьа иҟаз Алықьсандр
Аҭынха Гьаргәал


Аира 1803
Жәыргьыҭ, Гыртәыла аҳра
Аԥсра 1862
Аԥсыжра аҭыԥ Кәтол, Абжьыуатәи Агьежьыра, Аԥсуа аҳра
Ахаҵа Алықьсандр Чачба
Ани аби Екатерина (Ката) Амаршьан
Никәала Адиан

Аҳкәажә Кьасариа Никәала-иԥҳа ́Адианԥҳа диит 1803 ш. Никәала Ду (Диди Нико) иҭаацәараҿ[1]. Жәиԥшь шықәса анылхыҵуаз, 1817 ш., ԥҳәысс дигоит Абжьыуатәи Агьежьыра анапхгаҩы - Алықьсандр (Алы-беи) Чачба (1815 ш. Ақьырсианра зыдызкылаз)[2]. Лхаҵа абжьыуаа рҟны анырра ду иман. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан абжьыуааи ҵабалааи Кәтол иақәлон, абжьыуаа рыҩнқәа рыблон. Зныкымкәан Алықьсандр ихан рыблон. Иҟалап Алықьсандр игәабзиара зырԥсыҽызгьы убри акәзар. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иԥҳацәеи, иԥацәеи, бзиа иибоз Кьасариа ицын. 1848 шықәсазы Абжьыуатәи Аԥсны анапхгаҩы, аҭауад Алықьсандр Чачба иԥсҭазаара далҵит[3]. Кьасариа лхаҵа анышә дамардеит Кәтол, аҭырқәцәа рстиль ала иҟаҵаз аҩнаҟны, иаартыз акаршәраҿы, аҵлақәа рацәаны иахьеиҭаҳаз[3]. Иԥсра ашьҭахь анапхгаҩы иԥхықәрақәа налыгӡон.

Агьежьыра анапхгара аҭара

аредакциазура

Лхала данаанха лыҽлырӷәӷәеит. Селезнев Кьасариа илызкны ииҩыз абри ауп:

«Кьасариа ақьырсианреи, лхьыԥшцәа рзинқәеи рҵасқәеи ирызкны ҳанлацәажәоз, ҳара лҭоурых ҳацныҟәеит, насгьы зегьы агәра ргар ҳалшоит лара даараӡа аҟәыӷара шлымоу, лгәы ҟәышны ишыҟоу»[3].

Аҳкәажә Кьасариа даараӡа иџьашьахәыз аҭеиҭыԥш лыман, уи Селезневгьы иҳәоит:

«Уаанӡатәи арыцҳарақәеи 45 шықәса лхыҵреи, Кьасариа лыԥшӡара макьана инагӡаны ирҭынчӡом; лхы-лҿы зегьы ҟаԥшьуп, аурымтә апрофиль аманы…»[3].

Кьасариа бзиа илбон аԥсуа маҭәақәа рышәҵара. Уи азыҳәан абжьыуаа даара бзиа дырбон. Кьасариа асасдкылара лыман. Лыбзоурала аҳ Михаилеи аҳкәажә Алықьсандреи еибадыреит, анаҩс ачара руит лыдгьылқәа рҟны (ақ. Кәыдры)[4]. 1846 ш. Михаил иԥа - Гьаргь, Кьасариеи лхаҵеи рахь дрышьҭит, ааӡаразы. Кьасариа анырра ду лыман, уи азы амзыз бзиагьы иҟан. Лыԥҳа аиҳабы Елизавета, лаб иԥсы анҭаз, Дал зтәыз Баҭал-беи диҳәахьан. Лара лыԥҳа Русудан, 1849 ашықәс азы, ԥҳәысс дигеит Шәантәыла аҵыхәтәантәи аҳ – Кәасҭа (Мырзаҟан) Дадышь[1]. Кьасариа лыԥҳа еиҵбы-Марҭа, ԥҳәысс дигеит Химкәрас Амаршьан иԥа, Маҳмед-гереи. 1848 ш. инаркны 1858 ш. рҟынӡа Кьасариа Чачба-Адиан, ари Аԥсны ахәҭаҿы анапхгара азылуан. Карла Серена ишылҩуаз ала, аинформаторцәа изларҳәо ала:

«Лара ҟәыӷарыла анапхгара ҟалҵон, уи атәылаҿацә аҿы алахтыра ажәла лаҵара лҽазылшәон, еиҳаракгьы ақьырсианра ашьақәыргылара далахәын. Абарҭ аџьабаақәа рзы Аимператор Никәала I аџьар лиҭеит. Анаҩс, 1858 ш. амчра лыҷкәын Гьаргәал иахь ииасит, уи Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа иалалаанӡа аҳра иуан».

Абжьыуатәи Агьежьыраҟны Кьасариа даара пату лықәырҵон. Абас ауп Карла Серена уи илызкны ишылҩуаз:

«Алыбеи анышә дамардеит Кәтол, уаҟа иахьагьы инхо иԥа Гьаргәал аныха иргылеит, уи аартра ду иани иашьцәеи ргәалашәара иазкны имҩаԥысит...Ҳаҭыр ду зқәу аҳкәажә Кьасариа лгәалашәараҿы акырӡа аҵакы змаз ацеремониа аҽазыҟаҵарақәа раан саргьы срылахәын»[5].

 
Кьасариа дахьамадоу ауахәама[5]

1862 ш. Кьасариа Чачба-Адиан лыԥсҭазаара далҵоит. Дамадоуп Кәтол.

Кьасариа илыхшеит 6-ҩык ахәыҷкәа:

  • Гьаргәал Алықьсандр-иԥа (1819-02.02.1898) - Абжь.Агьежь. анапхгаҩы (1858-1864).
  • Елизавета (Есма-ҳаным) Алықьсандр-иԥха-(1821-1858).
  • Русудан (Едылҳан) Алықьсандр-иԥҳа-(1828-01.19.1866).
  • Марҭа (Кәакәала) Алықьсандр-иԥҳа-(1830-1858).
  • Леуан (Мажара) Алықьсандр-иԥҳа-(1832-26.01.1870).
  • Никәала (Гыд) Алықьсандр-иԥҳа-(1833-1884).

Азгәаҭақәа

аредакциазура
  1. 1,0 1,1 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
  2. Гәымба Михаил, Сафар-беи, Аҟәа, 2017.
  3. 3,0 3,1 3,2 3,3 Селезнев Михаил, Кавказ аҭҵараазы, Москва: Марсктә Акадеттә Корпус, 1847.
  4. Гәымба Михаил, Аԥсуа аҳра 19-тәи ашәышықәса 20-тәи – 50-тәи шықәсқәа рзы, Аҟәа: Акьыԥхь аҩны, 2022.
  5. 5,0 5,1 Карла Серена, Аԥсны акәша-мыкәша аныҟәара., Москва: Абаза, 1999.