Абжьуаа, насгьы Абжьыуатәи АгьежьыраАԥсуа аҳра абжьыуаа ахьықәынхо аҭоурыхтә тәылаҿацәуп.

Агьежьыра
Абжьыуатәи Агьыжьыра
Аҳҭнықалақь Кәтол
Акоординатқәа 42°51′ ҩ. ҭ., 41°22′ мг. н.
Аофициалтә бызшәа аԥсшәа
Абызшәақәа аԥсшәа
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара  ҩык
Карта

Абжьыуатәи Агьежьыра аҳасабала ицәырҵит 18 ашәышықәса алагамҭазы. Уи аԥхьа ари атәылаҿацә, Агыртәылатәи аҳра ампыҵахалара азыруан. 1700 шықәсазы Аԥсны аҳразуаз Аԥсҳа Зегнаҟ Чачба иԥсҭазаара далҵит. Иԥацәа раб идгьылқәа дара-дара иршеит. Убарҭ аишьцәа дыруаӡәкын Абжьыуаа аҳ иҟалаз Дгьешьа, ма Џьықьешиа. Дгьаша аҳра иуан 1700-1710 рзы; Иара данԥсы ашьҭахь иԥа Леуан Аԥсҳа иҳасабла аԥсҳара далагоит, Абжьыуатәи Агьежьыра ҭацәын. 1733 шықәсазы аҭырқәцәа, Аԥсҳа Манча Чачба рнапаҿы дҟарҵарц азы, Елыр иҟаз ауахәама рбылны, Абжьыуаа рықәхразы иҵегьы атәыла аҩныҵҟа ицеит. Насгьы 1770 шықәсазы ауп Абжьыувтәи Агьежьыраҟны, Аҳ Зураб идҵала, иашьеиԥа Беқьыр-беи анапхгаразы Кәтол диртәеи. 1770-1781 шықәсқәа рзы аҳра иуан. Иара ихаан Абжьыуаа ахақәиҭра аиуит, Аԥсны азыӡырҩра иаҟәыҵит. Қьалышь-беи Чачба 1780 шықәсазы Аԥсны амчрахь дааит, уи Аԥсны атәылаҿацәқәа зегьы реидкылара аполитика мҩаԥигон, уигьы илшеит. Абжьыуаа инапаҵаҟа иҟаиҵарц азы, ирр иманы Абжьыуаа дақәлеит, Беқьыр-беи дахьыҟаз Кәыдрытәи абаашгьы мышқәак акәша-мыкәша иман. Иара, мчы шимамыз еилкааны, Қьалышь-беи иқәшаҳаҭра иирбеит. 1781 ш. Абжьыуаа аҳраура далагоит Беқьыр иԥа — Алы-беи. Анырра змаз аҭауадны дҟалеит, аха Қьалышь-беи инапаҵаҟа дыҟан. Иара ихаан Абжьыуаа, Абжьыуатәи Агьежьыра ҳәа иашьҭахоит, аҳҭнықалақьс иҟалоит Кәтол. Иара данԥсы ашьҭахь, иԥҳәыс Кьасариа аҳра луан 1848-1858 шықәсақәа рыбжьара, анаҩс лԥа Григори (1858-1864) аҳра ҟаиҵоит, Аԥсуа ҳәынҭқарра иқәгахаанӡа.

 
Кәтол ашҭа хадеи агәҭаны иҟоу ауахәамеи, аҳкәажә Кьасариа анышә дахьамадоу.

Анапхгаҩцәа

аредакциазура

Аҳҭнықалақь

аредакциазура

Абжьыуатәи Агьежьыра аҳҭнықалақь Кәҭол акәын, Абжьыуаа рнапхгаҩцәа Чачаа ртәарҭа Аҭараи Кәҭоли ракәын.