Аԥсуа Аҳраду

Аԥсҳара» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)

Аԥсуа аҳраду, Аԥсҳара, (абырз. Αμπχαζικό βασίλειο [Ампхазико басилеио], араб. المملكة الأبخازية [Алмамлакат ель-Абхазиа]) ма Аԥсҳара ма — 8-тәи ашәышықәсазы еиҿкааз абжьарашәышықәсазтәи Алада Кавказтәи аҳәынҭқарра. Уи ашьақәгылара алыршахеит аԥсуа етнополитикатә еиҿкаарақәа: Абасгиеи, Аԥсилиеи, Миссиминиеи, Санигиеи Аносидаа рдинастиа амчра аҵаҟа реидкылара абзоурала. 8-тәи ашәышықәса аҩныҵҟала урҭ рымчра Мраҭашәаратәи Алада Кавказ зегьы иаларҵәан. Аԥсуа аҳра иалаҵан алазқәа рыдгьылқәа. Уи аныҟалаз арыцхәи ҟазшьас иамази рзы аспециалистцәа рыбжьара иахьагьы аимак ыҟоуп.

Аҳра
Аԥсуа Аҳраду
Аԥсҳара
Аҳҭнықалақь Қәҭешь
Ашьақәгылара 778 ш.
Аӡра 1008 ш.
Аофициалтә бызшәақәа Ақырҭуа бызшәа, Аԥсуа бызшәа, Абырзен бызшәа
Абызшәақәа Ақырҭуа бызшәа (Аҩыратә бызшәа), Аԥсшәа (Арра бызшәа, аԥсҳацәа рыбызшәа), Аелын бызшәа, (Аныҳәара бызшәа)
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара  ҩык
Адин Ақьырсианра, Аԥсуа анцәахаҵара уб. иҵ

Аԥсуа аҳра аиҿкаара иазку акт арбоуп «Қарҭлитәи ашықәсынҵа» зыхьӡу ақырҭуа ҭоурыхтә нҵамҭамҿы (11 ашәышықәса). Аԥсуа аҳра анаԥҵаз аамҭа иазкны еиуеиԥшым агәаанагарақәа шыҟоугьы, уи ахҭыс 8-тәи ашәышықәса 70-90-тәи ашықәсқәа рҳәаақәа ирҭаӡоит.

8-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аԥсуа аҳра аҳәаақәа наӡон аҩада-мраҭашәара аганахьала – Амшын Еиқәа иалало аӡ. Никопсис (ҳаамҭ. Нечеԥсухо, Ҭуаԥсе ааигәара аҳабла Новомихаиловски) ала; аҩада- мрагылара аганахьала - Кавказтәи ашьхеибаркыра Хада ала; алада-мрагылара аганахьала – Лихтәи (Сурамтәи) ашьхеибаркырала; алада Аԥсны аҳреи Византиатәи аимпериеи ҳәаас ирыман аӡиас Чорох. Қарҭли Аԥсны аҳра ианалала ашьҭахь уи мрагыларатәи аҳәаақәа аӡ. Арагви аҟынӡа инаӡон. Аԥсны аҳра алада-мрагыларатәи аҳәаақәа ырҭбаан Баграт II ихаан уи иалалаз ҭао-клареџьтәи адгьылқәа ирыбзоураны.

«Қарҭлитәи ашықәсынҵа» ишаҳәо ала, Аԥсны ахада Леон II «абырзенқәа данрылҵ» ашьҭахь «аԥсуаа раҳ» ҳәа ахьӡ идикылеит. Аԥсуа аҳра аҳҭнықалақьс иҟаҵан Қәҭешь, аҩбатәи аҳҭнықалақьс иҟан Анаҟәаԥиа. Леон II иҳәынҭқарра шьақәгылан ахадаратә-ҵакырадгьылтә округқәа 8 рыла, еиҿкаан аибашьратә хәҭаҭыԥқәа: Аԥсуа, Цхәымтәи, Бедиатәи, Гәыриатәи, Аргвеҭтәи, Қәҭешьтәи, Шәаныуатәи, Рача-Лечхәымтәи.

806 шықәсазы Леон II идунеи аниԥсах ашьҭахь, Аԥсуа аҳра иахагылан иԥацәа хҩык: Феодоси II (806-825), Дырмит II (825-861), Гьаргь I (861-868). Урҭ аамҭақәа рзы Аԥсуа аҳра адәныҟатәи аполитикаҿы ҵакы хаданы иҟаз – Арабтәи ахалифати Византәиатәи аимпериеи рҿагылара ауп. Феодоси инапхгарала аԥсуаа аӡиас Ксан аҿы имҩаԥысуаз аибашьра иалахәын, еидыз арабцәеи акахьетинцәеи рыр ириааит. 853 шықәсазы Дырмит II напхгара зиҭоз аԥсуаа рыр Куецхобо аҭыԥ аҿы ицоз аибашьра иаҵахеит, акыр шықәса арабцәа рҿы аҟәада ршәон. Дырмит II ихаан Византиа акырынтә Аԥсны ахылаԥшра архынҳәразы аибашьратә еқспедициақәа хацдыркхьан. Аха урҭ лҵшәа рмоуит.

861 шықәсазы Аԥсуа аҳра дахагылеит Гьаргь I. Уи илшеит Алада Кавказтәи атәылақәа руакы – Қарҭли - Аԥсуа аҳра алаҵара. Аха Гьаргь 1-тәи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Аԥсуа аҳраҿы аҳ итәарҭазы ақәԥара иалагеит. Аҳ иԥҳәыс еиҿылкааз ачарҳәара иахҟьаны дырхәит аҳ иԥа еиҳабы Дырмит II, иашьа еиҵбы Баграт Византиаҟа дыбналар акәхеит. 867 шықәсазы Аԥсны дахагылеит Иоанн Шавлиани (Шавлиитәи). 20 шықәса дахагылан, нас аҳра уи иԥа Адарнас ишҟа ииасит. Убри аамҭа иалагӡаны Аԥсуа аҳра Қарҭли ахылаԥшра ацәыӡит.

9-тәи ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсныҟа дхынҳәит Баграт. Византиатәи аҳ Басла I ииҭаз ар ихы иархәаны уи Адарнас дықәганы, закәанла иитәыз аԥсуа аҳра дахагылеит. 893 шықәсазы Баграт иԥа Константин III иааникылеит аԥсҳара. Уи илшеит иаб иҽыззишәоз Қарҭли архынҳәра. Аха уи згәамԥхаз аерманцәа раҳ Смбат ар ӷәӷәа иманы Қарҭли аҳҭны қалақь Улис-цихе амацәаз иҭеикит. Аԥсуааи аерманқәеи реиҿцәажәараан Константин дҳәынҷаны, Ермантәылаҟа дыргеит, аха нас даурышьҭит. Константин III илшеит Қарҭли ипозициақәа рырӷәӷәара. Аха анаҩстәи ашықәсқәа раан аҳра еимакны иҟаз ачарҳәарақәеи, ашьрақәеи, Аԥсуа аҳра иаҿагылаз агәыларатә ҳәынҭқаррақәа рабашьрақәеи ирхырҟьаны Аԥсуа аҳра аԥсыҽхара иалагеит. 1259 шықәсазы Аԥсуа аҳра еилаҳаит.

Аԥсҳацәа рсиа

аредакциазура
Аԥсҳацәа
Аҳ Амчра аамҭа Ажәла
Леуан II 786 - 811 Ачаа
Феодоси II 811 - 837 Ачаа
Дырмит II 837 - 872 Ачаа
Гьаргь I 872 - 878 Ачаа
Иоанн 878 - 879 (ампыҵахалаҩ) Шавлиани
Афанас 879 - 887 (ампыҵахалаҩ) Шавлиани
Баграт I 887 - 899 Ачаа
Константин III 899 - 929 Ачаа
Гьаргь II 929 - 957 Ачаа
Леуан III 957 – 967 Ачаа
Дырмит III 967 – 975 Ачаа
Феодоси III 975 – 978 Ачаа
Баграт II (III) 978 – 1014 Багратиони

Алитература

аредакциазура
  • БИГӘАА, Валери. Аԥсны аҭоурых (1921 шықәсаанӡа, иаазыркьаҿны). Аҟәатәи Атипографиа. Аҟәа. 1992. 130 д.
  • О.Х. БӶАЖӘБА, С.З. ЛАКОБА. "Аԥсны афеодалтә аамҭакәа аҿы". (2015, Аҟәа). онлаин.

Азгәаҭақәа

аредакциазура